ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Аҧсны Аҳәынҭқарра асимволика

Абираҟ

Абираҟ ауреи аҭбаареи реизыҟазаашьа 2:1 ҳәа иҟоуп. Инеихык-ааихыкны иалдоуп  зыҭбаара еиҟароу, ашкәакәа ҧшшәи ашьацҧшшәи змоу ацәаҳәақәа быжьба,   урҭ рыҟнытә  ҧшьба шьацҧшшәылоуп, хҧа шкәакәоуп. Хыхьтәи раҧхьатәи ацәаҳәеи ҵаҟатәи аҵыхәтәантәи ацәаҳәеи ишьацҧшшәылоуп. Ацәаҳәақәа ршьацҧшшәыла-шкәакәуара – Ашьхаруа ҳәынҭқарра (1918 ш.) абираҟ азы идырга ҷыдоуп. Ашьацҧшшәы аҧсҭазаара иасимволуп, ашкәакәа – атәыла аҧеиҧш лаша.

 

Абираҟ хыхь ашьаҭаркра арымарахь аган аҿы иҭасоуп иҟаҧшьы - уаркалеиуа, абираҟ хыџьара ишаны ахәҭак маҷк аҟара еиҳау  аура змоу, зыҭбаара хыхьтәи  ацәаҳәақәа хҧа ирҭаӡо акәакьҭаиаша. Акәакьҭаиаша ҟаҧшьы-уаркалеи агәҭаҿы ҧштәы шкәакәала асахьа арбоуп иаарту арыӷьаратәи анапсаргәыҵа. Анапсаргәыҵа ҭаӡны иахыкәыршоуп хәба-хәба ҿы змоу аеҵәа шкәакәақәа быжьба.

 

Агерб

Аҧсны Аҳәынҭқарра агерб ари хыхьынтә ҵаҟа илагоу, еиҟароу ацәаҳәа шкәакәеи ацәаҳәа шьацҧшшәылеи рыла ҩ-хәҭакны  ишоу шьитуп. Агерб акәыршеи асиужеттә композициеи – хьыҧшшәуп. Агерб ҵаҟатәи ахәҭаҿы иарбоуп ацқәа ааба змоу ихьҧшшәылоу  аҧсуа еҵәа. Агерб  агәҭаҿы иҟоуп, иҧыруа Арашь џьашьахәы иақәтәаны, зыхҿа аеҵәа рахь ирхоу, аҽыуаҩ исахьа.

 

Агерб хыхьтәи ахәҭаҿы аҽыуаҩ ивара наҟ-ааҟ еицеиҧшны иарбоуп ааба-ааба цы змоу, ихьҧшшәу аеҵәақәа ҩба. Агерб асиужет аҧсуа Нарҭтә фырхаҵаратә епос иадҳәалоуп. Агерб аҿы иҟоу ашьацҧшшәхәы аҧсҭазаареи аҿиареи рзы символра ауеит, ашкәакәа – адоуҳа. Аацык змоу аеҵәа ду – аиҭеиразы исолиартә дыргоуп. Аеҵәа хәыҷқәа Мрагылареи Мраҭашәареи иртәу ҩ-дунеик ркультурақәа реиларсра иасимволуп.

Агимн

Аиааира (аурыс быз. «Победа») – Аҧсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә  гимн ауп. 1992 ш. Аҧсны ахьыҧшымра инамаданы ишьақәырӷәӷәан аҳәынҭқарра агимн. Жьҭаарамза 24, 2007 ш. азы Аҧсны Ахада ҳәа Сергеи Багаҧшь даналырх   ашьҭахь  Аҧсны Жәлар Реизара ахҧатәи ааҧхьараан ирыдыркылеит «Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә гимн азы» азакәанҧҵара. Аҧсуа гимн шьаҭас иаиуит  қырҭтәылатәи  Адемократиатә Республика архәҭақәа Аҧсны иахаҧаны ианыҟаз ( 1918-1921) аамҭазы иаҧҵаз аҧсуаа рхақәиҭратә - револиуциатә ашәа «Кьараз» ажәақәеи алагарҭа амотиви.