Ахәҭаҷ 1. Арепатриантцәа (ҳџьынџьуаа)
Ирепатриантцәоуп (ҳџьынџьуаа) ҳәа иазхаҵахоит – хылҵшьҭрала иаҧсуаау (абаза), аурыс-кавказтәи, аурыс- ҭырқәатәи аибашьрақәа, иара убас XIX ашә. аҭыҧ змаз егьырҭ ахҭысқәа ирыхҟьаны зҭоурыхтә нхарҭа дгьылқәа ирыхцаны иҟаз, Аҧсны Аҳәынҭқарра ашҟа ахынҳәра азин зауз аҧсуаа (абаза) ари Азакәан аҧҟара инақәыршәаны. (Абҵара, 8, 2005 шықсазтәи аредакциа, № 1167-с - XIV9.
Ахәҭаҷ 2. Арепатриантцәа рзинқәа.
Арепатриант истатус змоу ауаа ирымоуп :
аҧсҭазааразы, аӡәгьы дрыламкьысырц азы азин; дарбанзаалакь Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҿы иҟоу арепатриант хаҧызарала иҭакра ҟалаӡом, мамзаргьы ахылаҧшыҩцәа идгаланы иаанкылара; арепатриант ахақәиҭра ицәырӡра залшаӡом Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵараҿы ишьақәырӷәӷәоу аҧҟарақәеи анормақәеи ирықәшәо аҭагылазаашьақәа раан заҵәык ада;
хаҧызарала, мамзаргьы азакәан аилагарала рхатәы ҧсҭазаара аҽалагалара аҟнытә ихьчазарц азин; рыҩни ргәареи, салам шәҟәылатәи реимадарақәеиеи аӡәгьы даламкьысырц азы азин;
аусӡбарҭақәа рҿаҧхьа аиҟарара азин, ада ҧсыхәа аныҟам – Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҿы аусеилыргара аан хәыҧсада, аиҭагаратә усқәа рҿы ацхыраара иҭара азин;
аҭаацәара аҧҵара азин; аҭаацәара алалара аан ахала аҩыза лалхра азин;
азини, аламыси рзы азин; агәаанагареи, ахшыҩзцареи рҳәара азы азин; ахатә дин ақәныҟәара азин; агәрахаҵарақәа рзы аиҵакрақәа ҟалар алшоит ауаажәларратә шәарҭадара ахьчареи, ауааҧсыра ргәабзиареи, ауаҩышәареи, мамзаргьы Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҿы иҟоу егьырҭ ауаа рзин хадақәеи рхақәиҭрақәеи рыхьчара мотивс измоу Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанқәеи аҧҟарақәеи инарықәыршәаны ;
ахатәы бызшәа, акультура, атрадициа, аиқәырхара азин;
ажәла иаҧсуаны аиҭашьақәыргылара азин;
хатәы бызшәала аҵара азин;
Аҧсны Аҳәынҭқарра акультуратә ҧсҭазаара ахалархәра азин;
аҵарадырра аиура азин;
уаанӡа инхарҭа ҭыҧаҿы ишьҭикааз азанааҭ ала аусура азин;
Аҧсны Аҳәынҭқарра аҟнытә ҧықәсыларада џьара ацара;
Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҿы ҧырхагада аиҭанеиааира, анхарҭа ҭыҧ алхра азин, ари азин аиҵакра алыршахоит Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәан амацара инақәыршәаны;
Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҿы Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭ6қрратә мчратә органқәа ианаҭаху азин инақәаршәаны рыхьчара азы азин;
Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҿы еиҭаҵуеи еиҭамҵуеи амазара амазаара азин Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы ишьақәырӷәӷәоу атәылауаҩратә кодекс инақәыршәаны;
Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы азакәан инақәыршәаны еснагь инхо арепатриантцәа Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәан инақәыршәаны рхы иадырхәоит абарҭ азинқәа;
Аизарақәа рымҩаҧгара азин Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵарала ишьақәырӷәӷәоу аҧҟарақәа инарықәыршәаны;
ишәарҭадароу аусуратә ҭагылазаашьа амазаара, аџьаус иахәҭоу ахәҧса аиура азин, аусуразы аҳаҭырқәҵаратә хылаҧшрақәа раиура азин еилых ҟамҵакәа;
азанааҭеидгыларақәа, егьырҭ аиҿкаарақәа, ма ассоциациақәа ралахра азин, хатәы гәаҧхарала русура аҽалархәра азин Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәан инақәыршәаны;
агәабзиара ахьчара, амедицинатә цхыраара аиура, асоциалтә ҭагылазаашьаҿы ацхыраара аиураазин, аҵарадырра, аҧсшьара азин Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵара аҧҟарақәа инарықәыршәаны.
(Абҵарамза , 8, 2005 шықәсазтәи аредакциала, № 1167-с – XIV9
Ахәҭа 3 3. Арепатриантцәа рҭакҧхықәрақәа
Арепатриантцәа ируалуп Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәан ақәныҟәара, Аҧсны Аҳәынҭқарра ақьабзқәеи атрадициақәеи ҳаҭыр ры6қәҵара.
Ахәҭа 3 4. Арепатриант истатус аиушьа.
Арепатриант истатус аиура ҟалоит;
ашәҟәҭаҩра аҧҟара инақәыршәаны;
ирмариоу аҧҟара ашьаҭала;
арзаҳалқәеи ахҳәааҟаҵарақәеи дара ирыцу ашәҟәқәеи ралагалашьазы аҧҟарақәа шьақәнаргылоит Аҧсны Аҳәынҭкарра арепатриациазы Аҳәынҭқарратә комитет.
Арзаҳалқәеи ахҳәаақәеи ралагалара рылшоит уи азы азин змоу ауаа.
Азакәан инақәыршәаны арепатриант истатус зауз Аҧсны Аҳәынҭқарра арепатриациазы Аҳәынҭқарратә комитет аҟны ирҭоит арепатриант истатус шиауз зырҵабыргуа аршаҳаҭгатә шәҟәы.
Арепатриант истатус Азакәан инақәыршәаны изауз идагьы иаҵанакуеит иара иҭаацәара (ахаҵа, аҧҳәыс, 18 шықәса зхымҵыц рхәыҷқәа).
Ахәҭҷа 3 5. Арепатриант истатус ашәҟәҭагалара аҧҟарала аиура
Ашәҟәы аҭагалара аҧҟарала арепатриант истатус аиура рылшоит – аурыс-кавказтәи, аурыс-ҭырқәатәи еибашьрақәеи, XIX ашәышықәсазы иҟаз егьырҭ ахҭысқәеи ирыхҟьаны зҭоурыхтә дгьылҵакырақәа рыҟнытә ахҵәара зықәшәаз аҧсуаа (абазақәа) рхылҵшьҭрақәа.
Ашәҟәҭаҩрала арепатриант истатус аиуразы, хымҧада, абарҭ ашәҟәқәа еиқәыршәаны иумазар ауп;
арепатриант истатус шиҭатәу азы ахҳәаа;
иира аршаҳаҭгатә шәҟәы ахкьыҧхь;
апаспорт ахкьыҧхь;
уаанӡа иахьынхоз иҟоу аҳәынҭқарратәи, ма аҧсуа милаҭтә-культуратә органқәа ирҩыз ашәҟәы, ма 2-3 репатриант ирҩыз ашәҟәы, мамзаргьы уи атәыла иалҵыз, иахьа Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаа, арепатриант истатус аиуразы иқәгылоу хылҵшьҭрала ишаҧсыуаау, насгьы Аҧсны, рҭоурых ҧсадгьыл, ааныжьра зықәшәаз ишырхылҵшьҭроу атәы ашьақыәрӷәӷәаразы ирҩыз ашәҟәы.
Ашәҟәқәа зегьы харҭәаатәуп аҧсуа бызшәалеи урыс бызшәалеи. Ус акәымкәа ашәҟәы харҭәаазар даҽа бызшәак ала, усҟан уа иагәылаҵатәуп аҧсышәалеи, ма урыс бызшәалеи ихарҭәаау, амҳәыр заархоу ашәҟәы ахкьыҧхь.
Ишахәҭоу еиқәыршәоу ашәҟәқәа Аҧсны Аҳәынҭқарра арепатриациазы аҳәынҭқарратә комитет ахь ишьҭхоит. Аҧсны Аҳәынҭқарра арепатриациазы аҳәынҭқарратә комитет аҟны ашәҟәқәа шаароулакь еиҧшҵәҟьа мызкы аҩныҵҟа аӡбара рыдыркылоит. Аҧсны Аҳәынҭқарра арепатриациазы аҳәынҭқарратә комитет иаднакылаз аӡбарала арепатриант истатус аиуразы ашәҟәы алазгалаз мап ицәыркыр, уи илшоит ари аус аусӡбарҭа ашҟа анагара.
(Абҵарамза , 8, 2005 шықәсазтәи аредакциала, № 1167-с – XIV9
Ахәҭаҷ 6. Арепатриант истатус ирмариоу аҧҟарала аиура .
Арепатриант истатус ирмариоу аҧҟарала ирыҭахоит Аҧсны Аҳәынҭқарра арепатриант истатус зауз рҭынхацәа х-абиҧарак рхылҵшьҭра (ан, аб, аишьцәа, аеҳәшьцәа, зықәра наӡоу ахәыҷқәа, андуцәа, абдуцәа).
Арепатриант истатус ирмариоу аҧҟара инақәыршәаны аиуразы иаҭаху ашәҟәқәа)
арепатриант истатус аиуразы аҳәара зныҧшуа арзаҳал;
арепатриант истатус зоухьоуи дареи реиуара шьақәзырӷәӷәо ашәҟәы ахкьыҧхь;
ауа арепатриант ҳәа астатус шимоу шьақәзырӷәӷәо аршаҳаҭга ахкьыҧхь; апаспорт ахкьыҧхь.
Ашәҟәқәа зегьы харҭәаазар ауп аҧсышәалеи урыс бызшәалеи;
ашәҟәы ахаҭа даҽа бызшәак ала ихарҭәаазар, иара ашәҟәы ахкьыҧхь иагәылаҵатәуп аҧсуа бызшәеи аурыс бызшәеи рахь еиҭаганы ашәҟәы ахаҭа ахкьыҧхь.
Ишахәҭоу еиҧш еиқәыршәоу ашә ҟәқәа нашьҭхоит Аҧсны Аҳәынҭқарра арепатриациазы Аҳәынҭқарратә комитет ашҟа, уа мчыбжьык аҩнуҵҟа ирыдыркылоит иахәҭоу аӡбара. Аибашьрақәа ахьцо, амилаҭбжьаратәи, иара убас егьырҭ аиҿагыларақәа ахьыҟоу атәылақәа рҿы инхо, зыҧсҭазаареи згәабзиареи, зполитикатә, социалтә зинқәеи, зхақәиҭрақәеи ашәарҭара иҭазыргыло аҭьагылазаашьақәа зауз, насгьы абызшәатә, амилаҭтә, адинтә, арасатә ҷыдарақәа рзы ашьҭазааҩцәа заурц зылшо ҳџьынџьуаа зегьы, иара убас, азин рымоуп ирмариоу аҧҟара инақәыршәаны арепатриант истатус аиура.
Убри азы дара Аҧсны Аҳәынҭқарра арепатриациазы Аҳәынҭқарратә комитет ахь иаларгалар ауп Аҧсны Аҳәынҭқарра арепатриант ҳәа астатус аиуразы иҟарҵо аҳәара зныҧшуа арзаҳал.
Аҧсны Аҳәынҭқарра арепатриациазы Аҳәынҭқарратә комитет аҿы иалагалахаз арзаҳал аҟны иарбоу адыррақәа риашара азгәаҭаны, арзаҳал анроу амш инаркны ҩымчыбжьа рыҩнуҵҟа иахәҭоу аӡбара рыдыркылоит.
Ахәҭаҷ 7. Арепатриант истатус азинмчра аҿҳәара
Ари азакәан инақәыршәаны ишьақәырӷәӷәахо арепатриант истатус азинмчра амоуп ианиоу амш инаркны 5 шықәса рыҩнуҵҟа.
(Ахәҭаҷ 8 агәылхуп Абҵарамза , 8, 2005 шықәсазтәи аредакциала, № 1167-с – XIV9.
Ахәҭаҷ 9. Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҿы арепатриант ихатә мал азинтә ҭагылазаашьа.
Аҧсны Аҳәынҭқарра арепатриант ихатә мазара азхарҵоит, ирхьчоит.
Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы арепатриант ихатә мазараҿы иҟазар ҟалоит ишьақәырӷәӷәоу закәанҧҵара аҟны иарбоу ахатә мазара аобиектқәа. Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҿы арепатриантцәа зинла ирымоу, рхы иадырхәо, еиҭамҵуа амазарақәа рзы рзинқәа реиҵакра ҟалаӡом.
Арепатриантцәа азин рымоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра ахатә мазараҿы иҟоу аобиектқәа ауаа рхатә мал ахь аиагара аҽалархәра.
Арепатриантцәа азин рымоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҿы ахатә мал ахархәара аҟнытә ирауз ахашәала Аҧсны Аҳәынҭқарра анҭыҵҟа ргара Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҟара инақәыршәаны.
(Абҵарамза , 8, 2005 шықәсазтәи аредакциала, № 1167-с – XIV9.
Ахәҭаҷ 10. Арепатриантцәа рзы ашәахттә льготқәа
Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҿы арепатриантцәа рхы иадырхәоит ашәахттә льготқәа ишьақәырӷәӷәәоу азакәанҧҟара инақәыршәаны.
Ахәҭаҷ 11. Арепатриант ихатә мазара азинтә ҭагылазаашьазы агарантиақәа.
Аҧсны аҳәынҭқарраҿы арепатриант ихатә мазара ахьчаразы ишьақәыргылоуп абарҭ агарантиақәа; аҳәынҭқарратәреи ареквизициеи рыҟнытә агарантиа;
арепатриант изинтә ҭагылазаашьа еицәазтәуа аҧҟарақәа раҧымҵаразы агарантиа;
арепатриантцәа рзинтә ҭагылазаашьа еилазго аусқәа Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә мчратә органқәеи дара рмаҵзуҩцәеи ҟарымҵарц азы агарантиа.
Ахәҭаҷ 12. Аҳәынҭқарратәреи ареквизициеи рыҟнытә агарантиа.
Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны арепатриант ихатә мазара аҳәынҭқарратәреи ареквизициа азуреи ҟалаӡом Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанқәа рҿы иарбоу аҭагылазаашьақәа раан ада, насгьы урҭ аҭагылазаашьақәа Аҧсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә шәарҭадареи, мамзаргьы ауаажәларратә интересқәеи рыхьчара ианырзынархоу.
Аҳәынҭқарратәреи ареквизициеи рзы аҧҟарақәа шьақәырӷәӷәахоит Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵарала.
Аҳәынҭқарратәреи ареквизициеи раан ирласны урҭ хазырҭәааша, иазаашәоу акомпенсациа ҟарҵоит. Арепатриант ирҭо акомпенсациа иҳәынҭқарратәхаз, мамзаргьы ареквизициа иахрыжьыз ихатә мал иҳәынҭқарратәхаанӡа, мамзаргьы ареквизициа иахрыжьаанӡа изыҧсаз ахәҧса иаҟаразар ауп. Акомпенсциазы ахәҧса аҳәаанырцәҟа аиагара аан ахшәаатәы ргаӡом.
Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә органқәа аҳәынҭқарратәреи ареквизициеи рзы иҟарҵаз аӡбара ииашам ҳәа ашәҟәы Аҧсны Аҳәынҭқарра аӡбарҭатә органқәа рахь алаҵара ҟалоит. Арепатриант ихатә мазара аҳәынҭқарратәреи ареквизициеи ирыдҳәалоу азҵаарақәа рыӡбара аусӡбарҭаҿы иалагоит ашшыҧхьыӡ аналагалаз аҽны инаркны бжьымш ирхымгакәа.
Ахәҭаҷ 13. Арепатриант ихатә мал азинтә ҭагылазаашьа еицәазтәуа азакәанҧҵаратә актқәа рыдкылара ҟамларц азы агарантиа.
Ари азакәан азинмчра анаиу ашьҭахь иара азакәан иахҟьаны Аҧсны Аҳәынҭқарра арепатриант ихатә мал азинтә ҭагылазаашьа еицәахар, ишеицәахаз Аҧсны Аҳәынҭқарра аӡбарҭатә органқәа рҿы иазхаҵазар, уи азакәан азинмчра рнырӡом арепатриант иҭагылазаашьа еицәазтәыз азакәан азинмчра аианиуз аамҭазы арепатриант истатус зырҭаз арепатриантцәа.
Ари ахәҭаҷ аҧҟарақәа хархәара рыҭахаӡом ауаажәларратә шәарҭадареи ауаажәларратәә хеиҿкаарақәеи, ауааҧсыра руаҩышәаратә ҭагылазаашьақәеи, ауаҩы игәабзиареи иҧсҭазаареи, аҧсабара ахьчареи, Аҧсны Аҳәынҭқарра ауаажәлар ркультуратә, рҭоурыхтә мазареи, аахәаҩ интересқәа рыхьчареи, ашәахтәқәҵареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа инарымаданы ишьақәгылоу азинтә еизыҟазаашьақәа рҿы.
Ахәҭаҷ 14. Арепартриант изинтә ҭагылазаашьа еилазго Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә мчратә органқәеи, урҭ рмаҵурауааи имҩаҧырго азинеилагаратә усқәа рацәыхьчаразы агарантиақәа.
Арепатриант азин имоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә мчратә органқәеи урҭ рмаҵурауааи имҩаҧыргоз азингеилагаратә усқәа ирыхҟьаны иоуз аҧхасҭа ахарҭәаара.
Аҧхасҭа ахарҭәаара алыршахоит Аҧсны Аҳәынҭқарра аусӡбарҭатә органқәа рыҟны имҩаҧгахо аусеилыргараҿы ирыдыркылаз аӡбара ашьаҭала.
Ахәҭаҷ 15. Арепатриантцәа рҭышәныртәаларазы аҳәынҭқарратә политика.
Аҧсны Аҳәынҭқарра арепатриантцәа азинтә, аматериалтә, иара убас егьырҭ ацхыраарақәа рынаҭоит. Абри хықәкыс иҟаҵаны Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы иаҧҵахоит аҳәынҭқарраҿы иҟоу арепатриантцәа рҭышәныртәаларазы имҩаҧгатәу аус хадақәа рхырхарҭа ахьазгәаҭоу акыршықәса зҵазкуа арепатриациатә ҳәынҭқарратә программа.
Аҳәынҭқарратә программа ихадароу ахырхарҭақәа арбахоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иқәҵарала Хәажәкыра 1 иахымгакәа ишьақәырӷәӷәахо арепатриантцәа рҭышәныртәаларазы есышықәсатәи апрограммаҿы
Арепатриациазы акыршықәсатәи аҳәынҭқарратә программеи, насгьы иара шьаҭас измоу есышықәсатәи апрограммақәеи рыҟны иарбазар ауп Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаареи Аҧсны Аҳәынҭқарра араионқәеи, ақалақьқәеи рхадацәа абарҭ азцаарақәа рзы рзинмчрақәа;
арепатриантцәа усурала реиқәыршәара, ада ҧсыхәа аныҟам – азанааҭ ҿыц рахыжьра, мамзаргьы даҽак рырҵара;
арепатриантцәа рзы анхарҭа ҩнқәа рыргыларазы адгьылқәа ралхра, аҳәынҭқар аҳарџь ала еиҧш дара рҳарџь алагьы урҭ рыргалара;
арепатриантцәа аамҭала, ма еснагь иахьынхаша анхарҭа ҭыҧқәа рыла реиқәыршәара;
асоциал-бзазаратә, амедицинатә маҵзура иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбара;
уаанӡа иахьынхоз ироуз аҵарадырреи, азанааҭи ртәы шьақәзырӷәӷәо аттестатқәа, адипломқәа, егьырҭ ашәҟәқәа разхаҵара;
аҵарадырра роуратәы аҭагылазаашьақәа рзаҧҵара; хьа
Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳар5ьа ала аҧсуа бызшәа арҵаразы хықәкылатәи ацентрқәа рапҵара;
Арепатриациазы аҳәынҭқарратә программа анагӡаразы иазаужьу ахархәагақәа еизгахоит абиуџьет иатәым арепотриациа афонд аҟны;
Амчратә органқәа рҿы аус зуа амаҵурауаа арепатриациазы аҳәынҭқарратә программа анагӡаразы ирыдыз аҭакҧхықәра нарымгӡар ирыдлоит алеишәатә ҭакҧхықәра Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵара инақәыршәаны.
Ахәҭаҷ 16. Арепатриациа афонд.
Арепатриациазы аҳәынҭқарратә программа анагӡара хықәкыс иҟаҵаны Аҧсны Аҳәынҭқарра арепатриациазы Аҳәыҭқарратә комитет аҿы иаҧҵахоит ибиутџьеттәым арепатриациа Афонд.
Ари Афонд аҧҵахоит, аусгьы ауеит Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵара инақәыршәаны. Афонд аусура ахықәкы хада - арепатриациазы аҳәынҭқарратә программа анагӡара алыршара, иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра арепатриантцәа хықәкыла ацхыраара рыҭара.
Афонд напхгара аҭара аҧҟарақәа шьақәдырӷәӷәоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаараҟны.
Ахәҭаҷ 17. Арепатриант истатус ацәыӡра амзызқәа;
Арепатриант истатус ацәыӡра амзызқәа ;
ахатәы гәаҧхара;
ауаҩы иҧсра;
арепатриант истатус аҽҳәара анҵәара.
Аҧсны Аҳәынҭқарра арепатриациазы Аҳәынҭқарратә комитет иалшоит арепатриант истатус змоу ауаҩы уи астатус имхра;
а) Аҧсны Аҳәынҭқарра аконституциатә еилазаара мчыла аҧсахразы иқәгылаз;
б) Аҧсны Аҳәынҭқарра аконституциатә ҧҟарақәа ирҿагыло аполитикатә, ауаажәларратә, мамзаргьы егьырҭ аиҿкаарақәа ирылахәу;
в) иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра анормативтә зинтә актқәа рыҟны иарбоу егьырҭ аҧҟарақәа инарықәыршәаны.
Аҧсны Аҳәынҭқарра арепатриациазы Аҳәынҭқарратә комитет ауаҩы арепатриант истатус имхразы иаднакылаз аӡбаразы агәынамӡаратә шшыҧхьыӡ алагалара ҟалоит Аҧсны Аҳәынҭқарра аусӡбарҭатә органқәа рышҟа.
Ирыдыркылт Аҧсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизараҟны, Рашәарамза 1, 1998 ш. азы.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада В. Г. Арӡынба.
Аҟәа ақ., Рашәарамза 5, 1998 шықәса