ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Зааӡатәи апериод

Раҧхьаӡа акәны ауаҩы Аҧсны дықәнагалеит миллион бжак аҧхьа, насгьы уи дааит Амрагыларатәи Азиа Маҷ аҟнытә. Уи ашьҭахь, аҵааршәыратә период аангьы, илыҧшааху аҧсабара аҭагылазаашьақәа ирыбзоураны, ари адгьылҵакыра еснагь рылаҧш адхалон ауаа жәытә-натә аахыс.

           

Аҧсны адгьылҵакыраҿы VI ашә.ҳ. ҟалаанӡа имҩаҧысит анхамҩа арҿиара иазкыз анеолиттә «револиуциа». Уи аамҭа иатәу зегьы реиҳа еицырдыруа ауааҧсыра рынхарҭа ҭыҧ Қьысҭрықь зыхьӡу шьҭоуп Гәдоуҭа ақалақь ҩадалатәи аган аҿы.   Қьысҭрықь инхоз нхамҩас ирымаз адгьылқәаарыхреи аҧсыӡкреи ракәын.

           

Ус ишааиуаз еиҳа аҧыжәара аго иалагеит аметалл аус адулареи, уи иадҳәалаз ашьхаҧшааратә усқәеи. Аметалл ыҵырхуан аҧхынра ашьха ҳаракырақәа рҿы. Уаҟа иаартын акырза иҵаулаз аҵалашәкәарақәа. Урҭ рыҟны агеологцәеи археологцәеи ирыҧшааит амҿтәы рӷәӷәарҭақәа, арацәа злаҵыргоз амҿтәы кәырҷыжьқәа, арацәа злаҿдырҧҧуаз, злаҿаҧырҽуаз амҿтәы жьаҳәақәа, иҵырхуаз арацәа ҽыҭрақәа ахьырыӡәӡәоз амҿтәы иаҳәақәа уб.егь.

          

Анапылакырақәа зегьы рхатәы хылаҧшыҩцәа, анцәахәқәа, рыман, аха зегьы раасҭа амаӡа зҵаз, злеишәагьы цәгьаз ҿыц аҿиара иалагаз ааглыхратә наплакы – аметалл аусадулара анцәахәы иакәын. Уи Шьашәы ихьӡыртәит.

           

Уи аамҭазтәи акультура Египет, Мальта, Великобританиа, Аладатәи  Европаа рыҟны еиҧш ишахьӡу еиҧш амегалитикатә культура ҳәа иашьҭоуп. Аҧсны адгьылҵакырақәа зегьы рҿы иуҧылоит усҟантәи аамҭа иаҵанакуа хаҳәтә ргыларақәа.

 

Колхидатәи акультура

XIII ашә.ҳ. ҟалаанӡа аҿиара иалагоит аџьазтә культура ахыркәшаратәи аетап, Нхыҵ Кавказ колхидатәи акультура ҳәа хьӡыс измаз. Аҧсны аҿиара зауз аџьазтә культуа авариант Асовет Еидгыла адгьылҵакыраҿы иҿиаз ажәытә культурақәа зегьы ирылукаауа иҟан. Араҟа иаҧҵан Аҧсны аҭоурых азы мацара акәымкәа, Мраҭашәаратәи Кавказ  ажәытә культура зегьы азы акырӡа зҵазкуаз ажәытә ҟазареи акультуреи рбаҟақәа. Аҟазара бзианы иҿион.

Анышәаҧшь иалхыз ачыс маҭәахәқәа ахәышҭаара гьежьқәа рыҟны цәгьа ибзианы иҽҳәарӡуан. Ажь рааӡон, аҩы ҭарҭәон, уи атәы бзианы ирҳәоит араҟа иҧшааз анышәаҧшь иалырхуаз аҳаҧшьақәеи аирыӡқәеи. Уи аамҭазы ирацәан ақәыларақәеи, аибашьрақәеи, убри аҟнытә афырхаҵара даара ҳаҭыр ақәын. Усҟан ҧхьаҟа аҿиара аиуит Нарҭаа репос. Ишьақәгылт Аҧсуа Прометеи – Абрыскьыл изку аепос, ауаа ирылаҵәаны иҟан Аҵанаа, «ауаа ссақәа» – «зхаҳәтә аандақәа» иахьа ашьхақәа рҿы инханы иҟоу ирызкны иаҧҵаз  ажәлар рҳәамҭақәа.

 

Абырзенцәа рколониақәа раамҭа

XII ашәышықәсазы ҳ. ҟалаанӡа Амшын Еиқәа аҿықәаны  ахәаахәҭратә џьармыкьа ҿыцқәа раҧҵаразы аҧшаарақәа ирылагеит. Иара убри аамҭазы Амшын Еиқәа аҿықәқәа рыҟны иӡхыҵуа иалагеит абырзенцәа. Амшын Еиқәа аҿықәан раҧхьаӡатәи ақалақьқәа зыргылаз Милет ақалақь аҿынтә иааз ауаа роуп. Зегьы раасҭа акрызҵазкуаз қалақьны урҭ идыргылеит ақалақь Диоскуриа (иахьатәи Аҟәа). Ажәытәуаа уи аргылара зыбзоуроу Иасон ицны  Ҟалӷьтәыла анцәахәы Зевс еициз иҧацәа Костори Полидевки роуп рҳәоит. Дара раҳаҭыр баны ақалақь рыхьӡгьы ахырҵеит  ҳәа зыҧхьаӡогьы  ыҟоуп. Ақалақь асимволтә хаҿырбага аҟны Диоскураа рхылҧа ҷыдаҿы ахыцқәа фба рыла ишьақәгылоу аеҵәа асахьа ануп. Убри аамҭазы  ауп ианцәырҵызгьы мшынгәылатәи аныҟәарақәа ртәы зҳәоз ажәытә бырзен шәҟәқәа – апериплқәа. Урҭ рҿы излаҳәо ала, Амшын Еиқәа аҩадатәи амрагыларатәи аҿықәқәа рыҟны инхон абиҧарақәа рацәаны. Урҭ рахьтә амшын аҿы зыхьӡ -зыҧша наҩхьаз ракәны иҟоуп аҧсуа-адыга хылҵшьҭрақәа зхылҵыз ҳәа иҧхьаӡоу ахьеитҵәеи агениохцәеи. Аҭыҧантәи ауааҧсыреи абырзенцәеи шықәсарацәала ирымаз аидгылареи аицыхәаахәҭреи акыр еизааигәанатәуан. Араҟа инарҭәбааны ахархәара роуит абырзен бызшәеи аҩыреи. Абырзенцәа ракәзар аҩада-мрагыларатәи амшын аҿықәаны инхоз ажәларқәа ирҿырҵааз маҷӡам. Иаҳҳәап, урҭ шьаҭанкыла ирыдыркылеит урҭ реибышьыга бџьар хкқәа зегьы.

 

Рим

Ҳара ҳера алагамҭазы, раҧхьаӡа акәны ажәытәтәи авторцәа агениохцәа рхаҭыҧан рыхьӡ рҳәо иалагеит иахьа иаадыруа аҧсуа жәлар рхылҵшьҭрақәа. Актәи ашәышықәсазы рыӡбахә рҳәон «аҧсилааи», «асаныгцәеи» (Плиниа иҿы, I-тәи ашә.), нас рацәак аамҭа бжьымскәа, II-тәи ашәышықәсазы «абазгаа» рыӡбахәгьы рҳәо иалагеит. Уи иашьҭанеиуаз аамҭақәа рзы Рим еиҳа хшыҩзышьҭра рзыруа иалагеит абазгааи аҧсилааи. Урҭ дара Кавказ Алада-Мраҭашәаратәи ашьхахыҵырҭақәа рыхьчара еиҳа изылшо ракәны ирыхәаҧшуа иалагеит. Рим усҟан иашьҭан Иран ааныжьны ицоз егьырҭ амҩақәа рыҧшаара. Урҭ абырфын злааргашаз даҽа мҩак алхра акәын хықәкыс ирымаз.  Ихьшәаз антикатә аамҭазы, абас ала, Аҧсны адгьылҵакыра Рим азы акрызҵазкуа акы  акәны иҟалеит. Иара иахьаҵанакуаз иҟаз ашьхахыҵырҭақәа ахәаахәҭратә мҩақәа зҿугаша ракәны иахәаҧшуа иалагеит.

III-тәи  IV-тәи  ашәышықәсақәа  рзы Себастополиси Питиунти еиҭаҟалоит акрызҵазкуа хәаахәҭратә ҭыҧқәаны. VI-тәи ашәышықәсазы ишьақәгылоит акыр аҿиара зныҧшуаз афеодалтә ҳәынҭқарра, зыҩныҵҟа асанигаа, абазгаа, амисимианаа, аҧсилаа раҳра маҷқәа рыла еихшаз. Археологиатә ҧшаахқәа изларҳәо ала, атәыла агаҿа инаркны ашьха ҳаракқәа ршьапаҿынӡа ауаа жәпаны еиланхон. Ара иқәынхоз ауааҧсыра  акыр ирцәыхараз – Египет, Палестина, Сириа, Византиа, Иран уҳәа атәылақәеи дареи ирыбжьарҵон  ахәаахәҭра-економикатәи, акультуратәи, аполитикатәи еимадарақәа.   VI-тәи ашәышықәса алагамҭазы араҟа иналагаз  арратә хырӷәӷәарҭақәеи акультуреи ирыдҳәалаз аргылара дуқәа  азбжанӡа ицон. Абарҭ ашықәсқәа рзы ауп иандыргыла акырӡа зымҽхазкуа Аҧсуа хырӷәӷәарҭа Ду.

 

Атәыла беиан аресурс аӡақәа рыла, амҽхак ҭбаан аметаллрҭәара. Аҿиара аиуит ақыҭанхамҩа. Шәышықәсала араҟа иҿион Нхыҵ-Кавкази, Амшын Еиқәа Аҩадатәи аҿықәи, Византиеи ирымаз, акырӡа зымҽхак ҭбааз, ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа. Арҭ аимадарақәа рзы  акырӡа иаҧсаны иҟан мшынгәылатәи, Кавказ ашьхахыҵырҭантәи ицоз аҩбатәи абырфынтә мҩаду. Арҭ зегьы  атәыла ахьыҧшымра акырӡа иацхраауан.

 

Усҟантәи аамҭазы иҿиауаз алитератураҿы Абазгтәыла анапхгаҩцәа «Иаса Қьырса «идгылаҩцәа» ҳәа рзырҳәон, аамсҭацәа «Иаса Қьырса бзиа дызбо ауаа» ҳәа, атәыла зегьы - «ақьырсианра бзиа избо абазгаа» ртәыла ҳәа. VI – VII ашәышықәсақәа рзы заатәи афеодалтә ҳәынҭқарра ашьаҭақәа анакуаз ақьырсианра ипрогрессивтәу ароль нанагӡон. Уи ацхыраара ҟанаҵон амчрақәа реизакраҿы, иара убас аҭыҧантәи  абиҧарақәа еилаҵәаны, жәларыкны рышьақәыргылараҿы. Усҟан асаныгаа, аҧсилаа, амсымаа ҳәа еихшаны  рыхьӡ еиҳа имаҷны ирҳәо иалагеит, урҭ ажәытә биҧаратә хьыӡқәа зегьы ааизакны абазгаа  ҳәа рзырҳәо рҿынархеит. VIII ашә. анҵәамҭа инаркны Аҧсны ҧымкрыда ааглыхратә мчқәа ҿио иалагеит, уи хазы анырра ҟанаҵон атәыла аполитикатә ҭагылазаашьа аҭышәныртәалараҿы. Ус  иаҧҵахоит Аҧснытәи Аҳра ҳәа хьӡыс изауз, зымҽхак ҭбааз аполитикатә еидҵара, уахь иалан Қарҭтәыла Мраҭашәаратәи ахәҭагьы. Аҧсынтәи Аҳра ахьӡ иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп ажәа «Аҧсҳа». Аурысшәахь еиҭоугар уи иаҵанака аҧсуаа раҳра  ҳәа ауп.

 

Аҧснытәи  Аҳра шьҭан ахәаахәҭратә мҩақәа реихысырҭаҿы, дара ирҭиуан ахаҳәтә рацәа, аӷбақәа рыҟаҵараҿы зыда ҧсыхәа ыҟамыз абнаалыҵ, иара убас  егьырҭ  аиха лыхқәа, аба, ақәны, ачоуҳа уҳәа  акыр маҭәахәы рацәа. Аҧснытәи Аҳра аамҭазы Аҧсны иҿиоз акультура ианыҧшуан Кавказ зегьы аҟны еиҧш авизантиатәи акультура иҟанаҵоз анырра, уи иаразнак убла иҵашәо иҟан. Аҧснытәи Аҳра  X ашә. азы иамаз архәҭақәа еибыҭан византиатәи архәҭақәа реиҧшҵәҟьа .

 

Генуаа

Византиатәи аимпериа аилаҳара аамҭа иахылҿиааз аилаҩынтра агенуезцәа рхы иадырхәеит. Амшын Еиқәа амрагыларатәи аҿықәқәа рыҟнытә, иара убас Аҧсны иалганы иргон амшәқәа, абжьасқәа,  егьырҭ аҧстәқәа хкы рацәала; акыр зыхә цәгьаз ахәы ҧшқақәа, зыхә ҳаракыз аҵиаақәа, амҿы; аргыларазы, аӷбаҟаҵаразы зыда ҧсыхәа ыҟамыз абнаалыҵқәа.

 

Аамҭа маҷ иалагӡаны иаҧҵана афакториақәа рацәаны –  Пецонда – иахьатәи Пицунда, Каво-ди-буксо – Гәдоуҭа азааигәара; Себастополь, мамзаргьы Сан-Себастиан – иахьатәи Аҟәа; Ола Гәана – иахьатәи Очамчыра уб.егь. Агенуезцәа рфорпостқәа зегьы раасҭа ихадароу акәны иахәаҧшуан Себастополь. Кафа еиҧш уи амшынгәымҩақәа реихысырҭаҿ иҟаз қалақьны иҟалеит, Аҟәатәи ахырӷәӷәарҭа иаҵанакуа амрагыларатәи амшын ҿықә аҟны иҟан атәцәа ахьырҭиуаз аџьармыкьа.

 

Османтәи аимпериа

XVI-тәи ашә. Аҧсны аҭагылазаашьа зыруадаҩуаз  акы акәны иҟалеит иара Ҭырқәтәыла аполитика аҳәаақәа иахьрыҵаркыз. Атәцәа рыҭира уаҩы ишимбац ала аҿиара аиуит. Аҧсны иалганы Османтәи аимпериа аџьармыкьақәа рышҟа иргон аҿар иреиӷьыз. Уаҟа иаархәоз аҧсуаа аӡәырҩы ҧхьаҟа арратә, аҳәынҭқарратә маҵзурақәа ирхадыргылон, акариера дуқәа ҟарҵон. Урҭ ирхылҵшьҭроуп XIV ашә. анҵәамҭазы XVII ашә. алагамҭазы адунеи аҿы зыхьыӡ еицырдыруа  иҟалаз Мелек Аҳмед ҧашьа – авизир дуӡӡа, Абаза Меҳмед ҧашьа, Меҳмед ҧашьа, Иҧшир ҧашьа, Сиавуш ҧашьа уҳәа ирацәаҩны.

Урҭ Румыниа, Босниа, Венгриа атәылақәа рыҟны ивизирцәаны, иахылаҧшыҩцәаны иҟалеит. Иахьа Будапешт инханы иҟоуп Сиавуш ҧашьа иргылаз Будаитәи аҳҭынра ахырӷәӷәарҭа иаҵанакуа бааш, ихьыӡгьы ахуп.

 

Аҧснытәи аҳра

Аҧсны аҭоурых аҿы акырӡа зҵазкуа аамҭаны иҟоуп Аҧснытәи  Аҳра аҭоурых аамҭа хҵәаха. Аҧснытәи Аҳра ныҟәызгоз аҧсуа хылҵшьҭрақәа ирылшеит усҟангьы иахьатәи аҳәаақәа ирҭаӡоз аҳәынҭқарра аҧҵара, уи ус иҟан 1864 шықәсазы Аҧсуа аҳра аҧыхра ҟалаанӡа. Ажәлар дырхагылан амчра ду змаз Аҳ, зхылҵшьҭра ижәытәӡоу аамсҭа хылҵшьҭра иатәу Чачбақәа ирыжәлантәыз. Анхацәа цқьақәа ирхылҵшьҭраз рыла аибашьцәеи Кьаразааи ргәыҧқәа еиҿкаан. Агәыҧқәа зегьы рхатәы бираҟ рыман. Анхацәа ирыман рхатәы бираҟқәа, аҭауадцәа рхатәы. Амшын аҿгьы убас акәын ишыҟаз. Архәҭа ҷыдақәа амшын ихын иласны иныҟәоз «Алышькьынтыр» захьӡыз агалерақәа рыла.

 

Дара зегьы еибашьыга маҭәас иршәырҵон  аҧсуа маҭәа. Ари амаҭәа имилаҭ шәҵатәны иҟан аҧсуа-адыга жәларқәа рыҟны.

 

Аҧснытәи Аҳра аҧҵараҿы иус дууп    Қьалышьбеи Чачба.  Џьигетиа  инаркны Егрынӡа Аҧсны адгьылқәа анеидикыла, уи Ҭырқәтәыла иахьҧшым аполитика амҩаҧгара далагоит. Уи аамҭазтәи Қьалышьбеии Ҭырқәтәылеи реизыҟазаашьа Е. Броневски иажәақәа рыла иуҳәозар абас иҟан: «10 000 еиқәных иҟаз аҧсуа еибашьыҩцәа змаз… Порт аҟнытә иааиуаз адҵақәа рынагӡара ихахьгьы  иҟамызт; Кавказтәи акорпус аҧыза, ар Рхада (1816 – 18279 агенерал Ермолов - «Ҭырқәтәыла азин мчра иаҵамгылоз», аха «зны-зынла уи ахылаҧшра зхы иазырхәоз, зынӡа «аӡәгьы ихымхәыцуаз» Аҧсны анапхгаҩы ҳәа дишьҭан. Иара убри аамҭазы Қьалышьбеи иҿаҧхьа Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рыбжьара руак алхра азҵаара ааины иаақәгылоит. Арҭ аимпериақәа рааигәа иҟаз Аҧсны еибашьрыла ахақәиҭреи ахьыҧшымреи раиура, реиқәырхара ишзалымшоз атәы бзианы еилкааны иман. Аха Аҧсны Урыстәыла адҵара иаразнакы изалмыршахаӡеит, уи амҩаҿы иҟан акыр иуадаҩыз аҟәаҧа - ҿаҧарақәа.

 

Хазну аамҭазтәи аҭоурых

Аҧсны  аҭурых аҿы ҧхынҷкәын 13, 1989 ш. арыцхә ахаҭеи иара иадҳәалоу ахҭысқәеи аҧсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәҧараҿы етап ҿыцк ахь аиасра иадҳәалоуп. Уи аҽны Аҟәа имҩаҧысит ауаажәларра-политикатә еиҿкара Аҧсны Жәлар Рфорум «Аидгылара» раҧхьатәи Аҧҵаратә еизара ду. АЖӘР «Аидгылара» аусура шьагәыҭс иаман аҧсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәҧараҿы ирымаз аҧышәа ду, уи аауеит аҧсуа жәлар, зегьы раасҭа иуадаҩыз, Сталин ирепрессиақәа  анымҩаҧигоз ашықәсақәа раангьы рполитикатә хьыҧшымразы ирыхәҭаз азинқәа риуреи, аҭоурыхтә иаша аиҭашьақәыргылареи рзы ақәҧара имҩаҧыргоз аҿынтә. 1957, 1967, 1978, 1989  шықәсақәа рызтәи ажәлар рықәгыларақәа ирыбзоураны иаҧҵан аҧсуа жәлар реидкылареи адемократиатә принципқәа рыҿиареи рзы акрызҵазкуа аидеиа-политикатә ҵаҵӷъ́әы. Еиҳагьы ииашахозар ҟалап урҭ имҩаҧысуаз аполитикатә ҵакы змаз ажәлар рықәгыларақәа Асовет Еидгыла иаҵанакуаз адгьылҵакыраҿы зынӡа иуникалтәыз хҭысқәаны иҟалеит ҳәа аҳәара.

 

Усҟантәи аполитикатә хҭысқәа рыгәҭа иалагылан аҧсуа интеллигенциа иреиӷьыз рҵеицәа. 1990 шықәсқәа АЖӘР Ажәлар Реизарахь алхрақәа рҿы аиааира ргоит ҧхынҷкәын 24, 1990 шықәсазы Аҧсны Иреиҳау Асовет Ахантәаҩы ҳәа далырхуеит Владислав Арӡынба. Апарламент ҿыц  иаднакылоит аҧсуа  ҳәынҭқарра  аиҭашьақәыргылара иацхраашаз акыр закәанҧцаратә актқәа. Нанҳәа 25, 1990  шықәсазы Ареспублика Иреиҳаӡоу Асовет иаднакылоит Аҧсны ахьыҧшымразы Адеклорациа, ҧхынгәы 23, 1991 ш. азы 1925 шықәсазтәи  Аконституциа  аҧызхшаз аӡбара, иара убри алагьы уаанӡа иамаз ахатәы автономтә статус зынӡа мап ацәкхоит. Иара убри аамҭазы, Аҧснытәи Апарламент аилатәара ҟанаҵоит Қырҭтәылеи ҳареи ҳабжьара иҟаз аимадара еиқәырханы, еиҳа иҿыцу, еиҟароу, ацивилизациа зныҧшуа ауасхыр азышьҭаҵара, аизырҳара шырҭаху атәы. Қырҭтәыла усҟан уи проблема алацәажәара иаҧсам ҳәа азырҧхьаӡеит. Нанҳәа 14, 1992 ш. урҭ ҳабашьра иалагеит. 13 мзи бжаки ицон акырӡа иџьбараз ари «ҳаамҭазтәи аҭыҧантәи аибашьрақәа» руак. Балкани, Приднестровиеи, Карабахи рҿы имҩаҧысуаз аибашьрақәа инарымаданы уи асоциалисттә идеиа ахыбгалара иатәу хҭыс еиқәараны аҭоурых ианхалеит.

 

Напышьашәыла аӷа  иҿагылаз аҧсуа қәҧаҩцәа мчыбжьқәак рыла ирылшеит агрессор иаанкылара, 1992 шықәса, жьҭарамза  инаркны АА Арбџьар мчқәа ажәыларатә операциақәа ракәын имҩаҧыргоз, раҧхьа Аҧсны мраҭашәаратәи ахәҭа ахы иақәиҭыртәит, нас аҳҭнықалакь Аҟәа надкыланы Амрагыларатәи ахәҭа зегьы. Аҧсуа жәлар зеиҧш ҟамлац ацхыраара рырҭеит Нхыҵ Кавказынтәи иааз ҳашьцәеи, Урыстәылантәи, Приднестровиантәи зхатә гәаҧхарала Аҧсны еибашьуази, иара убас аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәеи. Аибашьраҿы аиааира агареи, ҳаамҭазтәи Аҧсны Аҳәынҭқарра аҧҵареи рҿы алагала дуӡӡа ҟаиҵеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада, Ар Рҧыза  Владислав Арӡынба.