01
02
03
04
05
06
Super User

Super User

Selfies labore, leggings cupidatat sunt taxidermy umami fanny pack typewriter hoodie art party voluptate. Listicle meditation paleo, drinking vinegar sint direct trade.

Багаҭелиа Астамур Отар-иҧа

Адкыларҭа: +7(840) 226-28-58
E-mail:

Логәуа Хьыбла Вианор-иҧҳа

Аҭел: +7(840) 226-28-58

E-mail:

Аҧсадгьыл ахь архынҳәра иадҳәалоу азҵаарақәа рфинанстә ҭагылазаашьа хьыҧшны иҟамларц азы «Аҧсадгьыл ахь ихынҳәыз рконституциатә закәан» инақәыршәаны, Аҧсны аминистрцәа реилазаара ахантәаҩы Багаҧшь С.У. иқәҵарала иун 5, 1998 шықәсазы Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә  фонд заҧҵаз. Афонд, Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы анапаҵаҟа иҟоуп.

Афонд финанстә хыҵхырҭас иамоу Аҧсны аҩныҵҟа аус зуа зегьы руалафахәы аҟынтәи 2% иахырҧхьаӡало ауп. Иара убас, аус аҵакы гәаҭаны, агәыҳалалра аазырҧшуа рфинанстә цхыраарагьы аднакылоит.

Афонд аҿаҧхьа дҵа хаданы иқәгылоуп: закәанла иазыҧҵәоу аҧарақәа реингалара. Аҧарақәа ииашаны афонд ахыҧхьаӡалара ахылаҧшра.

Аҳәынҭқарратә еилакы аӡбарала иазгәаҭоу абиуджет ахәҭаҷқәа инарықәыршәаны, ахарџьқәа ршәара уҳәа убас иҵегьы.

Зыҧсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа зегь раҧхьаӡа нхарҭа ҭыҧла еиқәыршәатәуп. Афонд анаҧҵаз инаркны иахьа уажәраанӡа ҩни-уаҭахи иара ахарџь ала иаахәоуп. Иара убас еиҧмырҟьаӡакәан иахьа уажәраанӡа хәыда-ҧсада Аҳәынҭқарратә хеилак иарҭаз егьырҭ аҩнқәеи ауаҭахқәеи реиҭашьақәыргыларатә усурақәа цоит. Аҳәынҭқарратә хеилак ақәҵарала, ацхыраара зҭаху арепатриантцәа финансла еиқәдыршәоит.

Анхара инаркны, Аҧсны аҩныҵҟа рҵара аҵара, рыхәышәтәра уҳәа ирацәоуп изхаҵгыло аусқәа.

Зыҧсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа, ҳауаажәлар ишахәҭоу ирылагыларц азы алшарақәа ахьынӡамоу адгылара ҟанаҵоит.

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аминистрра Афонд аиҳабы Чамагуа Енвер Витали-иҧа

Аҭел: +7(840) 226-28-58

E-mail:

 

 

1993 шықәса хәажәкырамза 23 рзы еиҿкаан аҳәынҭқарратә еилакы ҳџьынџьуаа рзы.

Аҧсны Аҳәынҭқарра аҿаҧхьа иқәкы хаданы иқәгылаз, иахьагьы иқәгылоу  аҧсуа-абаза диаспора аҳәаанырцә иҟоу реимадара арӷәӷәареи реиҿкаареи  арыцхраареи ауп, иара убас рыҧсадгьыл ахь ахьарҧшреи  рџьынџь ахь рырхынҳәреи.

Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы қәкы хадас иамоуп  зыҧсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рыҧсадгьыл аҟны адаптациа  иахысаанӡа аҭагылазаашьа бзиа рыҭара.

Аҧсны Аҳәынҭқарра аконституциа азакәан «Арепатриант изы»  инақәыршәаны,  ҳара  ҳџьынџьуаа,  ҳабдуцәа,  урҭ  рабдуцәа

а-XIX-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы изныкымкәан ахҵәара зықәшәаз, зыҧсадгьыл аанызмыжьыр ҟамлаз, рхыҧхьаӡара рацәаӡоуп. Урҭ рахьтә ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рхаҭарнакцәа хәышықәса аҩныҵҟа арепатриант истатус  иаҵанакуеит.

Хәышықәса рыҩныҵҟа Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы  ирыцхраауеит, ирырҭоит анхарҭа ҭыҧқәа, адгьылқәа, аусуразы аҭыҧқәа рыҧшаараҿы ирыцхраауеит, афинанстә цхыраарагьы ҟарҵоит, атәылауаҩра рырҭоит, аҵара зҵо рҵара ахәҧса рхахьы иргоит (ахәыҷбаҳчақәеи, ашколқәеи) иара убас иреиҳау аҵараиурҭа  иҭоу, зымч  ақәымхо  аҵара ахә ахшәаара  иналак-аалакны ирыцхраауеит. 1995ш. Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы ҩ-хәҭакны аҽашеит: Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадараҿы ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадареи, иара убас адемографиатә фонди ҳәа.

1997 шықәсарзы ҩ-хәҭакны еиҟәыхыз еиҭах еидырҵеит.

Аҧсадгьы ахь архынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы аҟны 1998 ш. иаҧҵан афонд (абиуџьет  иатәымз)

Еиуеиҧшым аамҭақәа рзы аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара арҭон:

Ашәба Ныгәзар Нури-иҧа (1993-1995ш.)

Аҩӡба Фениа Михаил-иҧҳа (1995-1997ш.)

Допуа Гиви Хонел-иҧа (1997-2002,2003-2004ш.)

Шьынқәба Апполон Естат-иҧа (2002-2003ш.)

Мықәба Анзор Кока-иҧа (2005-2010ш.)

Адлеиба Зураб Қыбеи-иҧа (2010-2013ш.)

Џьопуа Хьрыҧс  Радион-иҧа (2013-2015ш.)

Ҳаразиа Вадим Никәала-иҧа (2015-2017ш.)

Дбар Беслан Андреи-иҧа  (2017-2020ш.)

Лаҵарамза 21 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иусҧҟа ала Ҳаразиа Вадим Никәала-иҧа Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс дарҭоит.

 

Аҭоурых

Ԥхынгәы 24, 2020

Зааӡатәи апериод

Раҧхьаӡа акәны ауаҩы Аҧсны дықәнагалеит миллион бжак аҧхьа, насгьы уи дааит Амрагыларатәи Азиа Маҷ аҟнытә. Уи ашьҭахь, аҵааршәыратә период аангьы, илыҧшааху аҧсабара аҭагылазаашьақәа ирыбзоураны, ари адгьылҵакыра еснагь рылаҧш адхалон ауаа жәытә-натә аахыс.

           

Аҧсны адгьылҵакыраҿы VI ашә.ҳ. ҟалаанӡа имҩаҧысит анхамҩа арҿиара иазкыз анеолиттә «револиуциа». Уи аамҭа иатәу зегьы реиҳа еицырдыруа ауааҧсыра рынхарҭа ҭыҧ Қьысҭрықь зыхьӡу шьҭоуп Гәдоуҭа ақалақь ҩадалатәи аган аҿы.   Қьысҭрықь инхоз нхамҩас ирымаз адгьылқәаарыхреи аҧсыӡкреи ракәын.

           

Ус ишааиуаз еиҳа аҧыжәара аго иалагеит аметалл аус адулареи, уи иадҳәалаз ашьхаҧшааратә усқәеи. Аметалл ыҵырхуан аҧхынра ашьха ҳаракырақәа рҿы. Уаҟа иаартын акырза иҵаулаз аҵалашәкәарақәа. Урҭ рыҟны агеологцәеи археологцәеи ирыҧшааит амҿтәы рӷәӷәарҭақәа, арацәа злаҵыргоз амҿтәы кәырҷыжьқәа, арацәа злаҿдырҧҧуаз, злаҿаҧырҽуаз амҿтәы жьаҳәақәа, иҵырхуаз арацәа ҽыҭрақәа ахьырыӡәӡәоз амҿтәы иаҳәақәа уб.егь.

          

Анапылакырақәа зегьы рхатәы хылаҧшыҩцәа, анцәахәқәа, рыман, аха зегьы раасҭа амаӡа зҵаз, злеишәагьы цәгьаз ҿыц аҿиара иалагаз ааглыхратә наплакы – аметалл аусадулара анцәахәы иакәын. Уи Шьашәы ихьӡыртәит.

           

Уи аамҭазтәи акультура Египет, Мальта, Великобританиа, Аладатәи  Европаа рыҟны еиҧш ишахьӡу еиҧш амегалитикатә культура ҳәа иашьҭоуп. Аҧсны адгьылҵакырақәа зегьы рҿы иуҧылоит усҟантәи аамҭа иаҵанакуа хаҳәтә ргыларақәа.

 

Колхидатәи акультура

XIII ашә.ҳ. ҟалаанӡа аҿиара иалагоит аџьазтә культура ахыркәшаратәи аетап, Нхыҵ Кавказ колхидатәи акультура ҳәа хьӡыс измаз. Аҧсны аҿиара зауз аџьазтә культуа авариант Асовет Еидгыла адгьылҵакыраҿы иҿиаз ажәытә культурақәа зегьы ирылукаауа иҟан. Араҟа иаҧҵан Аҧсны аҭоурых азы мацара акәымкәа, Мраҭашәаратәи Кавказ  ажәытә культура зегьы азы акырӡа зҵазкуаз ажәытә ҟазареи акультуреи рбаҟақәа. Аҟазара бзианы иҿион.

Анышәаҧшь иалхыз ачыс маҭәахәқәа ахәышҭаара гьежьқәа рыҟны цәгьа ибзианы иҽҳәарӡуан. Ажь рааӡон, аҩы ҭарҭәон, уи атәы бзианы ирҳәоит араҟа иҧшааз анышәаҧшь иалырхуаз аҳаҧшьақәеи аирыӡқәеи. Уи аамҭазы ирацәан ақәыларақәеи, аибашьрақәеи, убри аҟнытә афырхаҵара даара ҳаҭыр ақәын. Усҟан ҧхьаҟа аҿиара аиуит Нарҭаа репос. Ишьақәгылт Аҧсуа Прометеи – Абрыскьыл изку аепос, ауаа ирылаҵәаны иҟан Аҵанаа, «ауаа ссақәа» – «зхаҳәтә аандақәа» иахьа ашьхақәа рҿы инханы иҟоу ирызкны иаҧҵаз  ажәлар рҳәамҭақәа.

 

Абырзенцәа рколониақәа раамҭа

XII ашәышықәсазы ҳ. ҟалаанӡа Амшын Еиқәа аҿықәаны  ахәаахәҭратә џьармыкьа ҿыцқәа раҧҵаразы аҧшаарақәа ирылагеит. Иара убри аамҭазы Амшын Еиқәа аҿықәқәа рыҟны иӡхыҵуа иалагеит абырзенцәа. Амшын Еиқәа аҿықәан раҧхьаӡатәи ақалақьқәа зыргылаз Милет ақалақь аҿынтә иааз ауаа роуп. Зегьы раасҭа акрызҵазкуаз қалақьны урҭ идыргылеит ақалақь Диоскуриа (иахьатәи Аҟәа). Ажәытәуаа уи аргылара зыбзоуроу Иасон ицны  Ҟалӷьтәыла анцәахәы Зевс еициз иҧацәа Костори Полидевки роуп рҳәоит. Дара раҳаҭыр баны ақалақь рыхьӡгьы ахырҵеит  ҳәа зыҧхьаӡогьы  ыҟоуп. Ақалақь асимволтә хаҿырбага аҟны Диоскураа рхылҧа ҷыдаҿы ахыцқәа фба рыла ишьақәгылоу аеҵәа асахьа ануп. Убри аамҭазы  ауп ианцәырҵызгьы мшынгәылатәи аныҟәарақәа ртәы зҳәоз ажәытә бырзен шәҟәқәа – апериплқәа. Урҭ рҿы излаҳәо ала, Амшын Еиқәа аҩадатәи амрагыларатәи аҿықәқәа рыҟны инхон абиҧарақәа рацәаны. Урҭ рахьтә амшын аҿы зыхьӡ -зыҧша наҩхьаз ракәны иҟоуп аҧсуа-адыга хылҵшьҭрақәа зхылҵыз ҳәа иҧхьаӡоу ахьеитҵәеи агениохцәеи. Аҭыҧантәи ауааҧсыреи абырзенцәеи шықәсарацәала ирымаз аидгылареи аицыхәаахәҭреи акыр еизааигәанатәуан. Араҟа инарҭәбааны ахархәара роуит абырзен бызшәеи аҩыреи. Абырзенцәа ракәзар аҩада-мрагыларатәи амшын аҿықәаны инхоз ажәларқәа ирҿырҵааз маҷӡам. Иаҳҳәап, урҭ шьаҭанкыла ирыдыркылеит урҭ реибышьыга бџьар хкқәа зегьы.

 

Рим

Ҳара ҳера алагамҭазы, раҧхьаӡа акәны ажәытәтәи авторцәа агениохцәа рхаҭыҧан рыхьӡ рҳәо иалагеит иахьа иаадыруа аҧсуа жәлар рхылҵшьҭрақәа. Актәи ашәышықәсазы рыӡбахә рҳәон «аҧсилааи», «асаныгцәеи» (Плиниа иҿы, I-тәи ашә.), нас рацәак аамҭа бжьымскәа, II-тәи ашәышықәсазы «абазгаа» рыӡбахәгьы рҳәо иалагеит. Уи иашьҭанеиуаз аамҭақәа рзы Рим еиҳа хшыҩзышьҭра рзыруа иалагеит абазгааи аҧсилааи. Урҭ дара Кавказ Алада-Мраҭашәаратәи ашьхахыҵырҭақәа рыхьчара еиҳа изылшо ракәны ирыхәаҧшуа иалагеит. Рим усҟан иашьҭан Иран ааныжьны ицоз егьырҭ амҩақәа рыҧшаара. Урҭ абырфын злааргашаз даҽа мҩак алхра акәын хықәкыс ирымаз.  Ихьшәаз антикатә аамҭазы, абас ала, Аҧсны адгьылҵакыра Рим азы акрызҵазкуа акы  акәны иҟалеит. Иара иахьаҵанакуаз иҟаз ашьхахыҵырҭақәа ахәаахәҭратә мҩақәа зҿугаша ракәны иахәаҧшуа иалагеит.

III-тәи  IV-тәи  ашәышықәсақәа  рзы Себастополиси Питиунти еиҭаҟалоит акрызҵазкуа хәаахәҭратә ҭыҧқәаны. VI-тәи ашәышықәсазы ишьақәгылоит акыр аҿиара зныҧшуаз афеодалтә ҳәынҭқарра, зыҩныҵҟа асанигаа, абазгаа, амисимианаа, аҧсилаа раҳра маҷқәа рыла еихшаз. Археологиатә ҧшаахқәа изларҳәо ала, атәыла агаҿа инаркны ашьха ҳаракқәа ршьапаҿынӡа ауаа жәпаны еиланхон. Ара иқәынхоз ауааҧсыра  акыр ирцәыхараз – Египет, Палестина, Сириа, Византиа, Иран уҳәа атәылақәеи дареи ирыбжьарҵон  ахәаахәҭра-економикатәи, акультуратәи, аполитикатәи еимадарақәа.   VI-тәи ашәышықәса алагамҭазы араҟа иналагаз  арратә хырӷәӷәарҭақәеи акультуреи ирыдҳәалаз аргылара дуқәа  азбжанӡа ицон. Абарҭ ашықәсқәа рзы ауп иандыргыла акырӡа зымҽхазкуа Аҧсуа хырӷәӷәарҭа Ду.

 

Атәыла беиан аресурс аӡақәа рыла, амҽхак ҭбаан аметаллрҭәара. Аҿиара аиуит ақыҭанхамҩа. Шәышықәсала араҟа иҿион Нхыҵ-Кавкази, Амшын Еиқәа Аҩадатәи аҿықәи, Византиеи ирымаз, акырӡа зымҽхак ҭбааз, ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа. Арҭ аимадарақәа рзы  акырӡа иаҧсаны иҟан мшынгәылатәи, Кавказ ашьхахыҵырҭантәи ицоз аҩбатәи абырфынтә мҩаду. Арҭ зегьы  атәыла ахьыҧшымра акырӡа иацхраауан.

 

Усҟантәи аамҭазы иҿиауаз алитератураҿы Абазгтәыла анапхгаҩцәа «Иаса Қьырса «идгылаҩцәа» ҳәа рзырҳәон, аамсҭацәа «Иаса Қьырса бзиа дызбо ауаа» ҳәа, атәыла зегьы - «ақьырсианра бзиа избо абазгаа» ртәыла ҳәа. VI – VII ашәышықәсақәа рзы заатәи афеодалтә ҳәынҭқарра ашьаҭақәа анакуаз ақьырсианра ипрогрессивтәу ароль нанагӡон. Уи ацхыраара ҟанаҵон амчрақәа реизакраҿы, иара убас аҭыҧантәи  абиҧарақәа еилаҵәаны, жәларыкны рышьақәыргылараҿы. Усҟан асаныгаа, аҧсилаа, амсымаа ҳәа еихшаны  рыхьӡ еиҳа имаҷны ирҳәо иалагеит, урҭ ажәытә биҧаратә хьыӡқәа зегьы ааизакны абазгаа  ҳәа рзырҳәо рҿынархеит. VIII ашә. анҵәамҭа инаркны Аҧсны ҧымкрыда ааглыхратә мчқәа ҿио иалагеит, уи хазы анырра ҟанаҵон атәыла аполитикатә ҭагылазаашьа аҭышәныртәалараҿы. Ус  иаҧҵахоит Аҧснытәи Аҳра ҳәа хьӡыс изауз, зымҽхак ҭбааз аполитикатә еидҵара, уахь иалан Қарҭтәыла Мраҭашәаратәи ахәҭагьы. Аҧсынтәи Аҳра ахьӡ иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп ажәа «Аҧсҳа». Аурысшәахь еиҭоугар уи иаҵанака аҧсуаа раҳра  ҳәа ауп.

 

Аҧснытәи  Аҳра шьҭан ахәаахәҭратә мҩақәа реихысырҭаҿы, дара ирҭиуан ахаҳәтә рацәа, аӷбақәа рыҟаҵараҿы зыда ҧсыхәа ыҟамыз абнаалыҵ, иара убас  егьырҭ  аиха лыхқәа, аба, ақәны, ачоуҳа уҳәа  акыр маҭәахәы рацәа. Аҧснытәи Аҳра аамҭазы Аҧсны иҿиоз акультура ианыҧшуан Кавказ зегьы аҟны еиҧш авизантиатәи акультура иҟанаҵоз анырра, уи иаразнак убла иҵашәо иҟан. Аҧснытәи Аҳра  X ашә. азы иамаз архәҭақәа еибыҭан византиатәи архәҭақәа реиҧшҵәҟьа .

 

Генуаа

Византиатәи аимпериа аилаҳара аамҭа иахылҿиааз аилаҩынтра агенуезцәа рхы иадырхәеит. Амшын Еиқәа амрагыларатәи аҿықәқәа рыҟнытә, иара убас Аҧсны иалганы иргон амшәқәа, абжьасқәа,  егьырҭ аҧстәқәа хкы рацәала; акыр зыхә цәгьаз ахәы ҧшқақәа, зыхә ҳаракыз аҵиаақәа, амҿы; аргыларазы, аӷбаҟаҵаразы зыда ҧсыхәа ыҟамыз абнаалыҵқәа.

 

Аамҭа маҷ иалагӡаны иаҧҵана афакториақәа рацәаны –  Пецонда – иахьатәи Пицунда, Каво-ди-буксо – Гәдоуҭа азааигәара; Себастополь, мамзаргьы Сан-Себастиан – иахьатәи Аҟәа; Ола Гәана – иахьатәи Очамчыра уб.егь. Агенуезцәа рфорпостқәа зегьы раасҭа ихадароу акәны иахәаҧшуан Себастополь. Кафа еиҧш уи амшынгәымҩақәа реихысырҭаҿ иҟаз қалақьны иҟалеит, Аҟәатәи ахырӷәӷәарҭа иаҵанакуа амрагыларатәи амшын ҿықә аҟны иҟан атәцәа ахьырҭиуаз аџьармыкьа.

 

Османтәи аимпериа

XVI-тәи ашә. Аҧсны аҭагылазаашьа зыруадаҩуаз  акы акәны иҟалеит иара Ҭырқәтәыла аполитика аҳәаақәа иахьрыҵаркыз. Атәцәа рыҭира уаҩы ишимбац ала аҿиара аиуит. Аҧсны иалганы Османтәи аимпериа аџьармыкьақәа рышҟа иргон аҿар иреиӷьыз. Уаҟа иаархәоз аҧсуаа аӡәырҩы ҧхьаҟа арратә, аҳәынҭқарратә маҵзурақәа ирхадыргылон, акариера дуқәа ҟарҵон. Урҭ ирхылҵшьҭроуп XIV ашә. анҵәамҭазы XVII ашә. алагамҭазы адунеи аҿы зыхьыӡ еицырдыруа  иҟалаз Мелек Аҳмед ҧашьа – авизир дуӡӡа, Абаза Меҳмед ҧашьа, Меҳмед ҧашьа, Иҧшир ҧашьа, Сиавуш ҧашьа уҳәа ирацәаҩны.

Урҭ Румыниа, Босниа, Венгриа атәылақәа рыҟны ивизирцәаны, иахылаҧшыҩцәаны иҟалеит. Иахьа Будапешт инханы иҟоуп Сиавуш ҧашьа иргылаз Будаитәи аҳҭынра ахырӷәӷәарҭа иаҵанакуа бааш, ихьыӡгьы ахуп.

 

Аҧснытәи аҳра

Аҧсны аҭоурых аҿы акырӡа зҵазкуа аамҭаны иҟоуп Аҧснытәи  Аҳра аҭоурых аамҭа хҵәаха. Аҧснытәи Аҳра ныҟәызгоз аҧсуа хылҵшьҭрақәа ирылшеит усҟангьы иахьатәи аҳәаақәа ирҭаӡоз аҳәынҭқарра аҧҵара, уи ус иҟан 1864 шықәсазы Аҧсуа аҳра аҧыхра ҟалаанӡа. Ажәлар дырхагылан амчра ду змаз Аҳ, зхылҵшьҭра ижәытәӡоу аамсҭа хылҵшьҭра иатәу Чачбақәа ирыжәлантәыз. Анхацәа цқьақәа ирхылҵшьҭраз рыла аибашьцәеи Кьаразааи ргәыҧқәа еиҿкаан. Агәыҧқәа зегьы рхатәы бираҟ рыман. Анхацәа ирыман рхатәы бираҟқәа, аҭауадцәа рхатәы. Амшын аҿгьы убас акәын ишыҟаз. Архәҭа ҷыдақәа амшын ихын иласны иныҟәоз «Алышькьынтыр» захьӡыз агалерақәа рыла.

 

Дара зегьы еибашьыга маҭәас иршәырҵон  аҧсуа маҭәа. Ари амаҭәа имилаҭ шәҵатәны иҟан аҧсуа-адыга жәларқәа рыҟны.

 

Аҧснытәи Аҳра аҧҵараҿы иус дууп    Қьалышьбеи Чачба.  Џьигетиа  инаркны Егрынӡа Аҧсны адгьылқәа анеидикыла, уи Ҭырқәтәыла иахьҧшым аполитика амҩаҧгара далагоит. Уи аамҭазтәи Қьалышьбеии Ҭырқәтәылеи реизыҟазаашьа Е. Броневски иажәақәа рыла иуҳәозар абас иҟан: «10 000 еиқәных иҟаз аҧсуа еибашьыҩцәа змаз… Порт аҟнытә иааиуаз адҵақәа рынагӡара ихахьгьы  иҟамызт; Кавказтәи акорпус аҧыза, ар Рхада (1816 – 18279 агенерал Ермолов - «Ҭырқәтәыла азин мчра иаҵамгылоз», аха «зны-зынла уи ахылаҧшра зхы иазырхәоз, зынӡа «аӡәгьы ихымхәыцуаз» Аҧсны анапхгаҩы ҳәа дишьҭан. Иара убри аамҭазы Қьалышьбеи иҿаҧхьа Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рыбжьара руак алхра азҵаара ааины иаақәгылоит. Арҭ аимпериақәа рааигәа иҟаз Аҧсны еибашьрыла ахақәиҭреи ахьыҧшымреи раиура, реиқәырхара ишзалымшоз атәы бзианы еилкааны иман. Аха Аҧсны Урыстәыла адҵара иаразнакы изалмыршахаӡеит, уи амҩаҿы иҟан акыр иуадаҩыз аҟәаҧа - ҿаҧарақәа.

 

Хазну аамҭазтәи аҭоурых

Аҧсны  аҭурых аҿы ҧхынҷкәын 13, 1989 ш. арыцхә ахаҭеи иара иадҳәалоу ахҭысқәеи аҧсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәҧараҿы етап ҿыцк ахь аиасра иадҳәалоуп. Уи аҽны Аҟәа имҩаҧысит ауаажәларра-политикатә еиҿкара Аҧсны Жәлар Рфорум «Аидгылара» раҧхьатәи Аҧҵаратә еизара ду. АЖӘР «Аидгылара» аусура шьагәыҭс иаман аҧсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәҧараҿы ирымаз аҧышәа ду, уи аауеит аҧсуа жәлар, зегьы раасҭа иуадаҩыз, Сталин ирепрессиақәа  анымҩаҧигоз ашықәсақәа раангьы рполитикатә хьыҧшымразы ирыхәҭаз азинқәа риуреи, аҭоурыхтә иаша аиҭашьақәыргылареи рзы ақәҧара имҩаҧыргоз аҿынтә. 1957, 1967, 1978, 1989  шықәсақәа рызтәи ажәлар рықәгыларақәа ирыбзоураны иаҧҵан аҧсуа жәлар реидкылареи адемократиатә принципқәа рыҿиареи рзы акрызҵазкуа аидеиа-политикатә ҵаҵӷъ́әы. Еиҳагьы ииашахозар ҟалап урҭ имҩаҧысуаз аполитикатә ҵакы змаз ажәлар рықәгыларақәа Асовет Еидгыла иаҵанакуаз адгьылҵакыраҿы зынӡа иуникалтәыз хҭысқәаны иҟалеит ҳәа аҳәара.

 

Усҟантәи аполитикатә хҭысқәа рыгәҭа иалагылан аҧсуа интеллигенциа иреиӷьыз рҵеицәа. 1990 шықәсқәа АЖӘР Ажәлар Реизарахь алхрақәа рҿы аиааира ргоит ҧхынҷкәын 24, 1990 шықәсазы Аҧсны Иреиҳау Асовет Ахантәаҩы ҳәа далырхуеит Владислав Арӡынба. Апарламент ҿыц  иаднакылоит аҧсуа  ҳәынҭқарра  аиҭашьақәыргылара иацхраашаз акыр закәанҧцаратә актқәа. Нанҳәа 25, 1990  шықәсазы Ареспублика Иреиҳаӡоу Асовет иаднакылоит Аҧсны ахьыҧшымразы Адеклорациа, ҧхынгәы 23, 1991 ш. азы 1925 шықәсазтәи  Аконституциа  аҧызхшаз аӡбара, иара убри алагьы уаанӡа иамаз ахатәы автономтә статус зынӡа мап ацәкхоит. Иара убри аамҭазы, Аҧснытәи Апарламент аилатәара ҟанаҵоит Қырҭтәылеи ҳареи ҳабжьара иҟаз аимадара еиқәырханы, еиҳа иҿыцу, еиҟароу, ацивилизациа зныҧшуа ауасхыр азышьҭаҵара, аизырҳара шырҭаху атәы. Қырҭтәыла усҟан уи проблема алацәажәара иаҧсам ҳәа азырҧхьаӡеит. Нанҳәа 14, 1992 ш. урҭ ҳабашьра иалагеит. 13 мзи бжаки ицон акырӡа иџьбараз ари «ҳаамҭазтәи аҭыҧантәи аибашьрақәа» руак. Балкани, Приднестровиеи, Карабахи рҿы имҩаҧысуаз аибашьрақәа инарымаданы уи асоциалисттә идеиа ахыбгалара иатәу хҭыс еиқәараны аҭоурых ианхалеит.

 

Напышьашәыла аӷа  иҿагылаз аҧсуа қәҧаҩцәа мчыбжьқәак рыла ирылшеит агрессор иаанкылара, 1992 шықәса, жьҭарамза  инаркны АА Арбџьар мчқәа ажәыларатә операциақәа ракәын имҩаҧыргоз, раҧхьа Аҧсны мраҭашәаратәи ахәҭа ахы иақәиҭыртәит, нас аҳҭнықалакь Аҟәа надкыланы Амрагыларатәи ахәҭа зегьы. Аҧсуа жәлар зеиҧш ҟамлац ацхыраара рырҭеит Нхыҵ Кавказынтәи иааз ҳашьцәеи, Урыстәылантәи, Приднестровиантәи зхатә гәаҧхарала Аҧсны еибашьуази, иара убас аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәеи. Аибашьраҿы аиааира агареи, ҳаамҭазтәи Аҧсны Аҳәынҭқарра аҧҵареи рҿы алагала дуӡӡа ҟаиҵеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада, Ар Рҧыза  Владислав Арӡынба.

 

Агеографиа

Ԥхынгәы 24, 2020

Аҧсны шьҭоуп Аахыҵ Кавказ аҩада-мраҭашәаратәи ахәҭаҿы аӡиасқәа  Ҧсоуи Егри рыбжьара, уи алада-мраҭашәаратәи ахәҭа Амшын Еиқәа иаҿықәуп. Аҧшаҳәа аура 210 км. еиҳауп, адгьыл еизаданы инашьҭуп, ласы-лассы иуҧылоит иҭбаау, бӷанҷссала ихҟьоу амра ацәиааларҭа ҭыҧқәа.  Аҩада Урыстәыла аҳәаа иадуп, амрагыларахь – Қырҭтәыла.

 

     Аҧсны аҳауа лыҧшаахуп, уи ҟазҵо аҧшаҳәа аҿықәзаареи ашьхеибаркыра ҳаракқәа рыҟазаареи роуп.

 

Аҧшаҳәаҿы аҳауа цәаакуп, исубтропикатәуп. Ажьырныҳәамзазы атемпература +10 С рҟынӡа ихалоит. Нанҳәамзазы атемпература +26-и +30-и рыбжьара иҟоуп. Ақәаӡы илеиуа ахыҧхьаӡара бжьаратәла шықәсык 1500 мм. итәоит. Ашьхараҿы иубаратәы иҟоуп аҳракыратәи аихшарақәа шыҟоу, урҭ роуп изыхҟьо ашьха ҭыҧ еиҧшымзаарақәа рҿы  иаҳҧыло аҳауатә еивыгара дуқәа. Ашьхақәа рҿы асубтропикатә ҳауа уҧылоит 400 м. аҩаӡаранӡа. Асыршәқәа  шьҭоуп 2700 – 3000 м. иҩаӡо аҳракырақәа рҿы.

 

Ареспублика адгьылҵакыра аӷьырак (75% рҿынӡа) рымпыҵакуп Аҧсны аҩадатәи аҳәаа ҟазҵо Кавказтәи Ашьхеибаркыра Хадақәа – Гагратәи, Бзыҧтәи, Аҧснытәи, Кәыдрытәи ашьхеибаркырақәа. Зегьы раасҭа иҳараку шьхоуп – ашьха Домбаи-Ульген (4046 м.). Ашьхеибаркыра Хадақәа рыҟнытә Аҧсныҟа уаазго Клыхәратәи (2781 м.) Марыхәтәи (2739 м.) ашьхахыҵырҭақәа роуп. Ладантә мрагыларахь, Аҧсныҟа, маҷ-маҷ аҽеиҵакуа инашьҭуп Колхидатәи акаршәра. Уи ипоу акаршәра  ацәаҳәа аҧшаҳәа иаваршәны, аӡиас Кәыдры шыҟоу аҩадантә мраҭашәарахь инашьҭуп. Ашьхақәеи акаршәрақәеи рыбжьара абахә маҟақәа цоит. Аҧсны ирацәоуп аҳаҧқәа (Аҟәраанқәа рҳаҧы, Абраскьыл иҳаҧы, Анаҟәаҧиатәи аҳаҧы).

 

Аҧсны, Гагра ақалақь азааигәара,  иҟоуп адунеи аҟны зегьы раасҭа иҵаулоу аҳаҧы – Крубера-Ворониа (2080 м. иҵаулоу). 6 км. Гагра ақ. иналганы ишьҭоуп иблахкыгоу  Мамзышьха захьӡу ашьха.

 

Аӡиасқәа зегьы Амшын Еиқәа иалалоит. Зегьы раасҭа идуқәоу ракәны иҟоуп – Кәыдры, Бзыҧ, Кьалашәыр, Гәымсҭа аалӡга– урҭ ӡы дуқәоуп, аӡқәа рымч маҷӡам (рымчра 3,5 млн. квт. еиҳауп). Рыӡқәа  рызҳара  зыбзоуроу аӡқәеи аси роуп; ааҧыни аҧхыни аӡиасқәа ихыш-хыҵәаны илеиуеит. Ашьхақәа  рыҟны иҟоуп аӡиақәа Риҵеи Амҭҟьали.

 

Аҧсны иуҧылоит 2000 шәаҧыџьаҧ хкы. Бнала ихҟьоу ареспублика адгьылҵакыра 55 %  инаӡоит.

 

Абираҟ

Абираҟ ауреи аҭбаареи реизыҟазаашьа 2:1 ҳәа иҟоуп. Инеихык-ааихыкны иалдоуп  зыҭбаара еиҟароу, ашкәакәа ҧшшәи ашьацҧшшәи змоу ацәаҳәақәа быжьба,   урҭ рыҟнытә  ҧшьба шьацҧшшәылоуп, хҧа шкәакәоуп. Хыхьтәи раҧхьатәи ацәаҳәеи ҵаҟатәи аҵыхәтәантәи ацәаҳәеи ишьацҧшшәылоуп. Ацәаҳәақәа ршьацҧшшәыла-шкәакәуара – Ашьхаруа ҳәынҭқарра (1918 ш.) абираҟ азы идырга ҷыдоуп. Ашьацҧшшәы аҧсҭазаара иасимволуп, ашкәакәа – атәыла аҧеиҧш лаша.

 

Абираҟ хыхь ашьаҭаркра арымарахь аган аҿы иҭасоуп иҟаҧшьы - уаркалеиуа, абираҟ хыџьара ишаны ахәҭак маҷк аҟара еиҳау  аура змоу, зыҭбаара хыхьтәи  ацәаҳәақәа хҧа ирҭаӡо акәакьҭаиаша. Акәакьҭаиаша ҟаҧшьы-уаркалеи агәҭаҿы ҧштәы шкәакәала асахьа арбоуп иаарту арыӷьаратәи анапсаргәыҵа. Анапсаргәыҵа ҭаӡны иахыкәыршоуп хәба-хәба ҿы змоу аеҵәа шкәакәақәа быжьба.

 

Агерб

Аҧсны Аҳәынҭқарра агерб ари хыхьынтә ҵаҟа илагоу, еиҟароу ацәаҳәа шкәакәеи ацәаҳәа шьацҧшшәылеи рыла ҩ-хәҭакны  ишоу шьитуп. Агерб акәыршеи асиужеттә композициеи – хьыҧшшәуп. Агерб ҵаҟатәи ахәҭаҿы иарбоуп ацқәа ааба змоу ихьҧшшәылоу  аҧсуа еҵәа. Агерб  агәҭаҿы иҟоуп, иҧыруа Арашь џьашьахәы иақәтәаны, зыхҿа аеҵәа рахь ирхоу, аҽыуаҩ исахьа.

 

Агерб хыхьтәи ахәҭаҿы аҽыуаҩ ивара наҟ-ааҟ еицеиҧшны иарбоуп ааба-ааба цы змоу, ихьҧшшәу аеҵәақәа ҩба. Агерб асиужет аҧсуа Нарҭтә фырхаҵаратә епос иадҳәалоуп. Агерб аҿы иҟоу ашьацҧшшәхәы аҧсҭазаареи аҿиареи рзы символра ауеит, ашкәакәа – адоуҳа. Аацык змоу аеҵәа ду – аиҭеиразы исолиартә дыргоуп. Аеҵәа хәыҷқәа Мрагылареи Мраҭашәареи иртәу ҩ-дунеик ркультурақәа реиларсра иасимволуп.

Агимн

Аиааира (аурыс быз. «Победа») – Аҧсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә  гимн ауп. 1992 ш. Аҧсны ахьыҧшымра инамаданы ишьақәырӷәӷәан аҳәынҭқарра агимн. Жьҭаарамза 24, 2007 ш. азы Аҧсны Ахада ҳәа Сергеи Багаҧшь даналырх   ашьҭахь  Аҧсны Жәлар Реизара ахҧатәи ааҧхьараан ирыдыркылеит «Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә гимн азы» азакәанҧҵара. Аҧсуа гимн шьаҭас иаиуит  қырҭтәылатәи  Адемократиатә Республика архәҭақәа Аҧсны иахаҧаны ианыҟаз ( 1918-1921) аамҭазы иаҧҵаз аҧсуаа рхақәиҭратә - револиуциатә ашәа «Кьараз» ажәақәеи алагарҭа амотиви.

Аҧхьшьтәы зцу амузика арҳәага – Аҧхьарца

 

Аҧсуа жәлар рмузика еиҳарак авокалтә ҟазшьа ауп иамоу, амузика арҳәагақәа ацхыраара ҟарҵоит ауп. Ус егьа иҟазаргьы, аҧсуа жәлар рырҿиаратә ҧсҭазаараҿы ахархәара бзианы иаман, иамоуп  аинструменталтә музика. Аҧсуа амузика рҳәагақәа реилазаараҿы иҟоуп – изызсуа, изҭаҭәҳәо, аҧхьшьтәы зҿыршьуа аинструментқәа.

 

Ахәыц иалхыз арахәыцқәа рыла еибыҭоу амузика рҳәагатә инструментқәа ҳәа иҧхьаӡоуп аҧҧхьшьтәы зҿыршьуеи анацәақәа зҿыршьуеи. Ижәытәӡоу, арахәыцқәа ҩба змаз, аҧхьшьтәы зҿыршьуаз амузикатә рҳәагақәа ҳәа иҧхьаӡоуп аҧхьарца; аиаҳәа форма аҭаны иҭцәаауп, амҿы иалхуп. Аҿышәҭа ҭырффаны иҟоуп, ахәмарра ианалгалак аҧхьшьтәы убраҟа иҭарҵоит. Аҧхьарца ақә  амзашша ықәырҭәоуп, аҧхьшьтәы арахәыцқәа ҵархоит ҳәа  уи иаҿыршьуеит. Аҿышәҭ  амҿы ҭасоуп, уа  иамоуп абжьы иацхраауа акылҵәара гьежьқәа.

 

Аҧхьарца арахәыцқәа иаҿоу аҽхәыц иалырхуеит. Ахаҭа зегьы ҵлажәла хкык, еизаданы иҧҟоу иалхуп. Ажәытәан аҧхьарца ашәч, адац, аӡахәа иалырхуан. Ишааиуаз, еиҳа рхы иадырхәо иалагеит ал, алаҳаҵла, аҭәаҵла. Аҿышәҭ  иҭарсоит аҧслыш, аҭәаҵла, аҧса лых ҟаур.

 

Аҧхьарца абжьы ҭызго ахыц угәалазыршәо аформа змоу аҧхьшьтәы ауп, уи ахи аҵыхәеи ааиднакыларатәы аҽхәыц рыбжьдоуп. Еиҳарак ари аинструмент ҟазҵо иазырҳәо иоуп. Аҧхьарца аҟаза бзиақәа рҿы иҿаҵаны ианырзыҟарҵо еиҳагьы еиҳауп.

 

Аҧхьарца ианҵаны еиҳараӡак ирҳәоз аҭоурыхтә-фырхаҵаратә ашәақәеи аҳәамҭақәеи ракәын. Ари амузикатә инструмент рхы иадырхәон адинхаҵара иадҳәалаз ақьабзқәа анымҩаҧыргозгьы: ақәа алеиразы ианныҳәоз, аӡы иагаз иҧсы  аҭгараан. Аҧхьарца абыжьқәа ртембр угәы аҵанӡа инеиуеит, аинтонациа еилыхха иҟоуп.

 

Аҧхьарца еиҳараӡак итәаны ауп ишадырҳәо. Насгьы ашәа ацырҳәоит. Аҧхьарцарҳәаҩы ибжьы ныҵакны иҧхьарца ашәа ациҳәоит, изыӡырҩуа иара ицдырӷызуеит. Аҧхьарца азырҳәо ахацәа роуп. Аҧхьарцарҳәараҿы дҟаза дуун ҳәа дыҧхьаӡан Жана Ачба. Ажәлар еицырдыруан абарҭ ашәаҳәацәеи, аҧхьарцарҳәацәа; Баалоу Шьардын, Шьынқәба Соурыџь, Чукбар Шаҷ, Арсҭаа Ҟасҭеи, Сақаниа Маадан, Хьециа  Џьота уб. егь.

 

 

Аҧхьшьтәи  анацәкьарақәеи раҿшьрала иадырҳәоз аинструментқәа

Аҧсуаа рҭоурых ашәақәа еиҳарак ахымаа аҿы акәын иахьадырҳәоз. Ахымаа акәакь форма змоу арфа ауп, аҭәаҵла иалхуп, насгьы иугәаланаршәоит ихьыхәаны згәыцә  иаду аҭәаҵла. Ацилиндр бжа еиҧшуп, корпус ҭҭәааӡам. Аганқәа амҿы иалхуп, 14 џьара акылҵәарсҭақәа амоуп изҿасуа арахәыцқәа ркылгара азы. Иахылҵуа абжьы рацәак иҵарӡам, амч кәадоуп.

 

Изҭаҭәҳәо аинструментқәа

Иҭаҭәҳәаны иадырҳәо аинструментқәа еихшоит афлеитақәеи абызтәқәеи ҳәа. Урҭ рахьтә иахьа инханы иҟоу амузика рҳәагатә инструмент аҿарпын ауп – гәыцәки, иаарту ҿышәҭаки змоу афлеита. Аҿарпын «аҿарпын» захьӡу аҵиаа агәыцә иалырхуеит, иара убас акалам, аҵлаҟаҧшь амахә.  Аҿарпын – ахьшьцәа иртәу инструментуп ҳәа иҧхьаӡоуп.

 

Иҭаҭәҳәаны мацара иадырҳәо аинструментқәа рыҟнытә ижәытәӡоу акы акәны инханы иҟоу Абыкь ауп. Абыкь арасаҵла еиҳа ишәпоу адац иалырхуан. Аҟаб агәыцә иалырхуан Ашьамшьыг захьӡыз, иҭаҭәҳәаны мацара иадырҳәоз аинструмент.

 

Зхала абжьы зхылҵырц зылшо асгатә инструменқәа рыхкқәа рҿы иҟоуп амимбрантәқәагьы, урҭ абжьы рхылҵуеит ирхханы ирхарҧоу амембрана абзоурала. Урҭ адаулқәа роуп. Дара амҿы иалхуп, наҟ-ааҟ, рхи рҵыхәеи џьгәоуп, аџьмацәа рыхҟьоуп. Амҿтәы каркас аҟны  икылҵәоу аҿышәҭқәа амоуп. Адаул анацәақәа еиҭакуа иасуеит, анапсаргәыҵагьы ықәкшо. Арҭ рҩызцәа абарабанқәа ахархәара рымоуп Аҧсны еиҿкаау ажәлар рансамбльқәа рҿы.

 

И.Ҳашба лматериалқәа рыла. Амонографиа « Аҧсны», аҭакзыҧхықәу аредакторцәа; И.Д. Анчабаӡе, И.Гь.Аргәын, 2007ш.

 

Аҧсуа амузыка

Ԥхынгәы 24, 2020

Аҧсуа жәлар рмузыка

 

Аҧсуа ашәақәа рмелодиеи хаҿреи

Аҧсуа жәлар рмузика ахыҵхырҭақәа акырӡа зхыҵуа ажәытә аамҭаҿы иҟоуп. Акыр аамҭа инеиҧынкыланы аҧсуаа  егьырҭ ажәларқәеи дареи аимадарақәа рыман, аха ус ишыҟазгьы  аҧсуаа рмузикатә фольклор иалшеит ажәлар рашәаҳәаратә ҟазара астили убла хызкуа аҟазшьеи змаз ахатәы ҷыдарақәа реиқәырхара, ашәышықәсақәа ирылганы раагара.

 

Аҧсуаа рмузыкатә фольклор иреиӷьу аҿырҧштәқәа ирныҧшуеит аҵакы ҵаула, амелодиа ҧшӡа харкы, згәынкылара маншәалоу аформа. Аҧсуа жәлар рашәақәа ржанртә еилазаашьеи рҳәашьа аҷыдарақәеи, рмелодика ахкы  рацәареи алшара урҭоит амузикатә фольклор ашьаҭаркраҿы иҟаз аформа мариақәа инадыркны акырӡа аҿиара зауз амелодиақәа рышҟа ихазгалаз аҿиарамҩа азгәаҭара.

 

Ашәарыцаратә қьабзқәа ирыдҳәалоу амузика

Акырӡа зхыҵуа ажанр иатәуп ашәарыцара ашәақәа. Аҧсуа фольклор аҿы имаҷым ашәарыцареи абнақәеи рынцәахәқәа Ажәеиҧшьааи Аергьи ирзку агимн ашәақәа. Ашәарыцара ашәақәа рҳәон шәарыцара рцамҭазы – Анцәақәа ирыҳәон идырманшәаларц азы; иҟан ихынҳәны ианаауаз ирҳәоз, иара убас  ашәарыцара шрықәманшәалахоз атәы зҳәоз ашәақәагьы.

 

Раҧхьаӡа иҟаз аҳәа амелодиа акәын, ажәа рыцӡамызт, амелодиа атекст ашьҭахь ауп ианцәырҵ. Усҟан ашәа зҳәоз ахацәа ракәын, аҳәсақәа азин рымамызт.

 

Ашәарыцара ашәақәа ржанр ахь иаҵанакуеит зегьы раасҭа ауаа ирылаҵәаны, еицырдыруа, иахьагьы еиқәханы иҟоу «Ахра ашәа». Ашәа азкуп еициз ҩыџьа аешьцәа рҭоурых; урҭ руаӡәк аҵх шаанӡа аҿарпын  ашәа ациҳәон иашьа ахра иаҿахаз, ацәа ииааины далымҟьарц азы.

 

Ахьшьцәеи адгьылқәаарыхцәеи рашәаҳәара

Аҧсуаа рашәаҳәаратә ҟазараҿы имаҷымкәа иалагалоуп ахьшьцәа рфольклор. Уи зыдҳәалоу ижәытәӡоу аҧсуаа рынхашәа-чашәа ауп, убри аҟнытә дара акырӡа ижәытәӡоу амузикатә ҭынхақәа ирхыҧхьаӡалоуп. Алегендақәа изларҳәо ала аҿарпын раҧхьаӡа иаҧызҵаз ахьшьцәа роуп. Иахьагьы ахьшьцәа  аҿарпын «Арахә рырҳәыга ашәа»  анаҳәо арахә рыкрыфара шеиӷьхо агәра удыргоит, ахшгьы еиҳа шрымҵуа. Аҿарпын иаҳәоз амелодиа ала ичмазаҩхаз ахьча ихьаа хырҽуан.

Амузикатә фольклор аилазаараҿы акыр ирацәоуп адгьылқәаарыхра иадҳәалоу ашәақәа; ацәаӷәаҩ иашәақәа, аҽагкара ашәақәа уб. егь. Ашәаҳәара иацымҩаҧыргон адинхаҵареи, адгьылқәаарыхреи ирыдҳәалоу ақьабзқәа. Ихыркны, акыр инеиҵыхны имҩаҧыргоз ақьабзқәа зегьы ирылукаауа иҟоуп ақәа аура иазынархаз ақьабз. Аарҩара аныҟалалакь, ауаа цуҭала рҽеизганы, аныҳәарақәа мҩаҧыргон, ирҳәон аритуал зыда имҩаҧырымгоз ашәақәагьы. Аҿар ныҳәак ахь ицошәа рҽеилаҳәаны, «ӡиуоу» ҳәа изышьҭаз аҭәырӷәы кәыкәма еилаҳәаны, ашәа ахҳәаауа ирыманы аӡахьы илбаауан.

 

Аҧсуа ашәақәа реилазаараҿы афырхаҵара атема

Аҧсуа музикатә фольклор аҟны иалкаау аҭыҧ ааныркылоит афырхаҵаратә ашәақәа. Афырхаҵара атема ажәлар еиҳа азҿлымҳара ахьарҭоз амзызқәа рышьаҭа иҟоуп рҭоурых аҟны. Аҧсуа жәлар агәаҟрақәа рацәаны ирхаргахьеит, рыҧсҭазаараҿы шаҟа рыцҳара ҵаула иҭагылоз аҟара, рықәҧарагьы амчра ӷәӷәахон, идырҿиоз адуоҳатә культурагьы уамашәа иџьашьатәхон.

 

Афырхацәа рыҧсҭазаашьа атәы зҳәо ашәақәа рцикл иатәуп ижәытәӡоу, аҧхьшьтәы аҿшьуа ашәа зцырҳәоз амузыкатә инструмент аҧхьарца аҟны инарыгӡоз «Ахәра ашәа».

 

Аҧсуа аҭоурыхфырхаҵаратә ашәақәа рызкуп иҭахаз афырхацәа рхаҵарақәа. Абас ажәлар рҿаҧыцтә ҳәамҭақәа иахьанӡа еиқәыр-ханы иаҳзааргеит зыҧсҭазаара зегьы  легендаз Аџыр-иҧа Данаҟаи, Инаҧҳа Кьагәа, Хабр-иҧа Кац, Кьахьба Ҳаџьараҭ уҳәа реиҧш иҟоу ажәлар рфырхацәа.

 

XIX ашәышықәсазы  Урыстәыла Кавказ имҩаҧнагоз аполитика иахҟьаны аҧсуаа  изныкымкәа мчыла Ҭырқәтәылаҟа иахцан, амҳаџьырра ишьҭын. Убарҭ ихлымӡаахыз ахҭысқәа ирылиааит акырӡа иҵаулоу агәырҩеи, аҧсадгьыл агәхьаагареи зныҧшуа амҳаџьыраа рашәақәа.

 

Ачарақәеи аҧсрақәеи ирыдҳәалоу  ақьабзтә ашәақәа

Амузыкатә фольклор аилазаараҿы аҭыҧ ду ааныркылоит абзазартә ашәақәа. Иаҳҳәап, аҧсуа традициала имҩаҧгоу ачара ашәаҳәара зцу ахәҭақәа рыла ишьақәгылоуп. Асимволтә ҵакы амоуп ачара ашәа (Радеда, Оуредада). Уи ашәа ҳәо акәын аҭаца илразҟхаз иҩнаҭа дшыҩнаргалоз. Ачара аныруаз ақьабз иатәыз  агәаҧхачарашәақәа, ачарашәақәа рҳәон.

Аҧсрақәа рыҟны иршәоз агәаҟ ашәақәа рыҟнытә зегьы раасҭа ажәлар ирылаҵәаны иҟоу Ауоу ауп. Ауоу рҳәоит аҧсыжра аҽны, насгьы абиҧара, аҭаацәара аҵыхәтәантәи ахаҭарнак (ахаҵа) данҧслак.  Агимн - ашәа Азар акәзар, уи рҳәоит аҧсхәара ду, ашықәс анышьҭырхуа аҽны, насгьы зыҧсхәы руа иҧсы анҭаз дҽыбӷаҟазан дыҟазар, ашәа рҳәон имҩаҧыргоз аҽырхәмаррақәа, аиндаҭларақәа раан.

 

Аҧсуаа рхылшьҭрақәа ибзианы ирдыруан амузыка хәшәык аҳасабала иамоу алшарақәа. Итрадициахаз агәаанагарақәа рыла, аҧсуаа ачымазарақәа зегьы Анцәахәқәа рхагылоуп ҳәа ирыҧхьаӡон, урҭ ргәамҵра иахҟьоит рҳәон ачымазарақәагьы. Ачымазаҩ иуацәа, иҭынхацәа, игәылацәа еизаны, аҧхьарца ашәақәа анҵаны иҳәо, аҷаҧшьарақәа мҩаҧыргон. Ашәа ачымазаҩ ихьаақәа, игәаҟрақәа ихнацоит, игәы иханаршҭуеит, уи акәым «Анцәагьы игәы иахәоит» ҳәа азырҧхьаӡон.

 

Аҧсуа жәлар еицырҳәо ашәақәа

Аҧсуа жәлар рашәақәа авокалтә мелодиеи иҳараку ашәаҳәареи рсинтез ала ишьақәгылоуп. Ажәлар рашәақәа рмелодиаҿы еизгоуп абызшәа, ажәаҳәа иамоу аинтонациатә беиара зегьы. Амелодиа иацааиуеит ашәа ажәақәа, урҭ реилазаараҿы иҟоуп аемоциа азырҳара иацхраауа, зеиҭагара маншәалам ажәақәа, абжьыҭҟьақәа. Ашәа аҵакы инеиҵыхны ашәаҳәаҩ – ажәабжьҳәаҩ иажәабжь аҿы дазааҭгылоит.

 

Аҧсуа ашәақәа ҩыџьа, хҩык еицырҳәоит, абжьырацәа  зныҧшуа аҧсуа жәлар рашәақәа ирҷыда ҟазшьоуп еиҿыбааны, бжьырацәала ашәа аицыҳәара. Аҧсуа жәлар еицырҳәо ашәақәа рыҟны абыжьқәа зегьы рхы иақәиҭуп; абыжьқәа зегьы хаз-хазы рхатәы функциақәа нарыгӡоит, ашәагьы  аполифониатә цәа ахарҵоит.

 

Аинтерес ду рыҵоуп ашәаҳәара иацу итрадициатәу акәашарақәа. Арҭ ашәақәа иахьагьы еиқәырханы ирымоуп ақьырсианра аҿиара иалагаанӡатәи аамҭа иатәу аформақәа – ҩ-бжьы хыкқәак рыла ишьақәгылоу ахортә полифониа. Ахор рашәаҳәареи амузика рҳәагатә инструментқәа рыхәмарреи иқәгьежьааны ианацкәашо, ахәаҧшцәа  акәашаҩцәа рыкәашара аритм иақәыршәаны рнапқәа еинырҟьоит.

Аҧсуаа ашәақәа ржанр аҷыдарақәа, рмелодиа абеиара, урҭ ирнаало абызшәа иҳарҳәо акы ауп – аҧсуа жәлар рбызшәа, рашәа, рдоуҳа еиҷаҳауа мацара еиқәырхо ишааргаз рмилаҭтә хаҿра, иара убас уамашәа иҧшӡоу, аемоциа зҵоу амузыкатә фольклоргьы.