01
02
03
04
05
06
Super User

Super User

Selfies labore, leggings cupidatat sunt taxidermy umami fanny pack typewriter hoodie art party voluptate. Listicle meditation paleo, drinking vinegar sint direct trade.

Home RU

Ажьырныҳәа 27, 2021

Ажьырныҳәа мза 25 рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿари аспорти рхеилак ахантәаҩы Џьамал Гәбаз, Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Багаҭелиа Асҭамыри, ҳџьынџьуаа рымадаразы аҟәша аиҳабы Хәтаба Инали, Аԥсны Аҳәынҭқарра апрофессионалтә бокс Афедерациа апрезидент Альберт Карди-Огли, Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Низам Хапати рыбжьара аиԥылара мҩаԥигеит.

Апсны Аҳәынҭқарра Апсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиеи уи ихаҭыпуаҩ Асҭамыр Багаҭелиеи, Ҭырқәтәыла иҟоу Апсуа Культуратә хеидкылақәа рфедерациа аусзуҩцәеи аипылара мҩапыргит. Уи аипылараҟны Апсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Ҳаразиа Вадими Ҭырқәтәыла иҟоу Апсуа Культуратә хеидкылақәа рфедирациа аиҳабы Аҟәысба Аҭанури рыбжьара, уажәшьҭарнахыстәи ҳџьынџьуаа рыпсадгьыл ахь ахынҳәразы Апсны Аҳәынҭқарратә политика аусқәа рынагӡаразы аҩганк аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарыҩит.

Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилаки Тырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациеи русецуразы аиқәшаҳаҭра | PDF >>>

Ԥхынҷкәын14, 1992

Ԥхынкәын 14, 2020

28 шықәса раҧхьа, Декабр14, 1992 шықәса рзы, ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа иҭадырхеит, Тҟәарчалынтәи Гәдоуҭаҟа иҵҧрааз, аҭынч уааҧсыра зҭаз, Урыстәылатәи аверталиот Ми-8. Ажәҩан иалаблыз 85-ҩык рахьтә иҟан 35-ҩык ахәыҷқәа…

Ари ахҭыс хлымӡаах, иахьа уажәраанӡа, иахәҭоу  жәларбжьаратәи ахәшьара маиуӡацт.  Ҳаҧсуа жәлар ирхыргахьо атрагедиа уаналацәажәо, угәы ҿызкаауа акәны иҟалеит ари амш.

Апрограмма «Адемографиа арҿиара 2020» аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥсуа милаҭ ҭаацәарақәа ахԥатәи рыхшаареи ирышьҭанеиуеи рзы, арепатриациа афонд абиуџьеҭ аҟнытә знык ала 100 нызқь мааҭ аԥара рзыршәоит. Аԥхьанатә аԥсуа ҭаацәара рыцхыраараҿы абиуџьетнҭыҵтәи агәыҳалалратә фонд «Азҳара» аҟнытә акәын ацхыраара шроуаз. Мшаԥымза, 2020-тәи ашықәс инаркны, апроект «Азҳара» аус Аԥсны Аҳәынҭқарра Адемографиеи арепатриациеи рминистрра анапы ианырҵеит, ашьҭахь, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала, хыхь зыӡбахә ҳәоу аминистрра еиҭакын Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакны. Ажьырныҳәа мза, 2020-тәи ашықәс инаркны Арепатриациа ахеилак аҟны иаартын адемографиа аҟәша.
    «Иахьатәи аамҭазы адемографиа аҟәша 419 арзаҳал аднакылахьеит, урҭ рахьынтә 369 ҭаацәара ацхыраара рыҭоуп» - ҳәа иазгәеиҭеит Адемографиа аҟәша аиҳабы Матуа Тимур Гиви-иԥа.
     «Аԥсуа ҭаацәара иахәҭоу ацхыраара рыҭараҿы, арепатриациа ахеилак ахь иҩтәуп арзаҳал, уи иацзароуп атәылауаҩшәҟәы ахкьыԥхьаа, аҭыӡҭыԥ аҟнытә аилыркаа, ахәыҷқәа риира аршаҳаҭга ахсаала. Анаҩс, иахәҭоу аусшәҟәқәа анеиқәыршәахалак, ҩымчыбжьтәи аҿҳәара иалагӡаны арзаҳалқәа нагахоит ахеилак аҟны иаԥҵоу аилатәара ашҟа, ирыдыркыло аӡбаралагьы аԥсуа ҭаацәара аԥара рзыршәоит арзаҳалқәа реишьҭагылашьала» - ҳәа иазгәеиҭоит Матуа.

Уалид Маршьан

Ԥхынкәын 10, 2020

Шьамтәылатәи Арабтә республика ар реинрал-маиор Уалид Маршьан диит 1948 шықәсазы Аль-Кунеитра ақалақь аҿы. Шьамтәыла иҟоу аԥсуа диаспораҿы еснагь активра ду аазырԥшуаз Уалид Маршьан иҟаиҵаз маҷым аԥсуа жәлари ашьам жәлари реизааигәатәразы. Маршьан изныкымкәа Аԥсныҟа даахьан.

Шьамтәыла еиуеиԥшым амаҵура ҳаракқәа дырхагылан. 2005 шықәса алагамҭазы ԥхьатәара дцеит, аха 2011 шықәсазы Шьамтәыла аибашьра ианалага хатәгәаԥхарала жәлар рхамҭаратә отриад аԥиҵеит, уи иахьа уажәраанӡагьы еиқәханы иҟоуп. 2013 шықәсазы Уалид Маршьан дахагылеит Башар Асад ипартиа - Аль-Кунеитра ақалақь аҟны арабтә социалисттә еиҭеира апартиа. Абри амаҵураҿы иара инаҩс дгылеит иԥеиҳабы Ҳалиҭ. 2017 шықәса жьҭаара 14 рзы Уалид Маршьан иԥсҭазаара далҵит 69 шықәса дшырҭагылаз, акыраамҭа ицәа иалаз ачымазара ӷәӷәа иахҟьаны.

Аԥсуа-абаза жәлар иналукааша рхаҭарнак, шьамтәылатәи ар реинрал Уалид Маршьан ибаҟа аадыртит Аԥсны Арепатриациазы еилакы ашҭаҿы 2019ш.  Абаҟа авторс дамоуп аскульптор Витали Џьениа. 

Омар Беигәаа

Ԥхынкәын 10, 2020

Аҭоурыхҭҵааҩ-кавказдырҩы, алингвист, апублицист, апоет, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора иналукааша ахаҭарнакцәа ирхыԥхьаӡалоу Омар Беигәаа диит 1901 шықәса, ԥхынгәымза 1 азы ақыҭа Ефҭени Ҳаџьыс. Беигәаа ихаҭа иажәақәа рыла, уи ақыҭа аԥсышәала хьӡыс иаман «Ашәы Ҳаџьы иқыҭа», мамзар «Ашәаа рқыҭа» ҳәа.  Беигәаа диит, иагьизҳаит Ҭырқәтәыла, аха ижәла аҭоурых даараӡа ибзианы идыруан. Убас, апублицист, ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба ииҭаз аинтервиу аҟны абас иҳәаоит: «Саб Баирам ихьӡын. Баирам иаб – Ҳасан. Ҳасан иаб – Маџь. Маџь иаб – Мамагәыл (Омар Беигәаа иабду иаб, уи иаб – аред.) иман ҩыџьа аишьцәа – Шармаҭи, Саҭанеи. 

Зықьҩыла аԥсуаа, Аҟәеи, уи азааигәара иҟаз ақыҭарақәеи рҟнытә иахыгаз, мшынла инаӡеит ҭырқәтәылатәи аҟәара аҟынӡа, иагьыӡхыҵит Қьефқьен захьӡыз аҭыԥ аҟны. Амҩа иахьаныз зымчқәа зынӡа икәадахаз ԥшьышәҩык инареиҳаны атәым дгьыл аҟны ианнеиҵәҟьа рыԥсҭазаара иалҵит. Зыԥсы еиқәхаз рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Омар иаб – Баирам Беигәааи, аҭыԥха Шьамҳа Мқыди.

Хара имгакәа урҭ аҭаацәара аԥырҵоит, дагьырхылҵуеит аԥа – Омар. Еиуеиԥшым ахыҵхырҭақәа рыла, Омар диит 1899 шықәсазы, аха Беигәаа ихаҭа 1901 шықәсазы сиит ҳәа акәын ииҳәоз.

Абызшәақәа рахь аҷкәын илоу аҟыбаҩ бзиа гәазҭаз, ажәытә османтәи алфавит ашьаҭала аԥсуа нбаншәҟәы аиқәыршәара иаҿыз, адыгатәи аинрал Рашьыҭ Еффендии уи иԥшәмаԥҳәыс Ҟасибеиа Ҷанԥҳаи, 12 шықәса зхыҵуаз Омар Беигәаа рнапы злакыз аус дадрыԥхьалеит. Убри инаркны иԥсҭазаара зегьы аԥсуа бызшәеи, афольклори, аҭоурыхи рыҭҵаара иазикуеит.

Омара Беигәаа иԥсҭазаара далҵит 99 шықәса шихыҵуаз, 2001 шықәсазы. Анышә дамадоуп Сҭамԥыл, иԥсҭазаара зегьы ахьихигаз ақалақь аҟны. 2013 шықәсазы, Арепатриацциазы аҳәынҭқарратә еилакы аԥшьгарала Аҟәа иаартын Омар Беигәаа ихьӡ зху Аҳәаанырцәтәи аԥсуаа рҭоурых амузеи.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцбеи Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Инвер Алшәындбеи Шьамтәыла иҟоу аԥсуа-абаза, ачерқьес диаспорақәа рхаҭарнакцәа ирԥылеит аҩаша, жьҭаара 6 рзы, Дамаск, иҿыцны иаартыз Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭаҿы.

Аиԥылара аартуа Аконгресс ахаҭарнакцәа АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь иааицҳаз ааԥхьаратә ажәа еизаз иддырҳаит, анаҩс инарҭбааны еиҭарҳәеит Аконгресс аусура хықәкыси хыдҵақәаси иамоу, қәҿиарала имҩаԥгоу апроектқәеи ԥхьаҟатәи агәҭакқәеи ирзааҭгылеит. Адиаспорақәа рхаҭарнакцәа ракәзаргьы, Аконгресс аусура аганахьала азҿлымҳара ду аадырԥшит, азҵаара рацәа рҭиуан, аусеицура ишазыхиоу атәгьы ҿыӷәӷәала ирҳәеит.

Аиԥылараҿы иқәгылаз амшхәаԥштә азҵаарақәа дрылацәажәо Инар Гыцба иазгәеиҭеит ишазааҭгылаз Шьамтәыла АААК Арегионалтә ҟәша аԥҵара азҵаарагьы.

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Инвер Алшәындба иакәзар, иациҵеит аиԥылараҿы ишыӡбаз Аконгресси «Адыга хасеи» русеицура ҳәаақәызҵало аԥкаанҵа шьақәыргылатәуп ҳәа.

«Хара имгакәа аҩ-ганкгьы абри ашәҟәы еиқәдыршәоит. Ҳамчқәа зегьы ззынархоу ҳажәлар рԥеиԥш ауп, аԥсуа-абаза жәлар ракзаара ахьӡала аус ҳаулоит», – иҳәеит иара.

Ԥхьаҟатәи аусеицура амҩаԥгаразы иаԥҵан аусутә гәыԥ, уи иалалеит шьамтәылатәи адиаспора ахаҭарнакцәа фҩык. Инар Гыцба иҳәеит абри аилак аҳәаақәа ирҭагӡаны аганқәа еилахәны апроектқәа шышьақәдыргылало.

Аиԥылара иалҵшәаны иззааиз акакәхеит убасгьы абарҭ аҩ-зҵаарак аус рҭыԥ ақәҵара: Шьамтәылатәи аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аҵара рҵалартә еиԥш алшара аԥҵареи, Шьамтәылатәи аԥсуа-абаза, адыга хәыҷқәа рзы Аԥсны аԥхынтәи алагер аиҿкаареи.

Ашәҟәҭаҩра аҧҟара инақәыршәаны арепатриант истатус аиура рылшоит – хылҵшьҭрала иаҧсуаау (абаза), аурыс-кавказтә, аурыс-ҭырқәатә еибашьрақәеи, иара убас XIX ашәышықәсазы аҭыҧ змаз егьырҭ ахҭысқәеи ирыхҟьаны зҭоурыхтә нхарҭа дгьылқәа ирыхцаз аҧсуа (абаза) хылҵшьҭрақәа.

АРЕПАТРИАНТ ИЗКНЫ

Ԥхынгәы 28, 2020

Арепатриантцәа рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан