ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Апрограмма «Адемографиа арҿиара 2020»

Апрограмма «Адемографиа арҿиара 2020» аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥсуа милаҭ ҭаацәарақәа ахԥатәи рыхшаареи ирышьҭанеиуеи рзы, арепатриациа афонд абиуџьеҭ аҟнытә знык ала 100 нызқь мааҭ аԥара рзыршәоит. Аԥхьанатә аԥсуа ҭаацәара рыцхыраараҿы абиуџьетнҭыҵтәи агәыҳалалратә фонд «Азҳара» аҟнытә акәын ацхыраара шроуаз. Мшаԥымза, 2020-тәи ашықәс инаркны, апроект «Азҳара» аус Аԥсны Аҳәынҭқарра Адемографиеи арепатриациеи рминистрра анапы ианырҵеит, ашьҭахь, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала, хыхь зыӡбахә ҳәоу аминистрра еиҭакын Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакны. Ажьырныҳәа мза, 2020-тәи ашықәс инаркны Арепатриациа ахеилак аҟны иаартын адемографиа аҟәша.
    «Иахьатәи аамҭазы адемографиа аҟәша 419 арзаҳал аднакылахьеит, урҭ рахьынтә 369 ҭаацәара ацхыраара рыҭоуп» - ҳәа иазгәеиҭеит Адемографиа аҟәша аиҳабы Матуа Тимур Гиви-иԥа.
     «Аԥсуа ҭаацәара иахәҭоу ацхыраара рыҭараҿы, арепатриациа ахеилак ахь иҩтәуп арзаҳал, уи иацзароуп атәылауаҩшәҟәы ахкьыԥхьаа, аҭыӡҭыԥ аҟнытә аилыркаа, ахәыҷқәа риира аршаҳаҭга ахсаала. Анаҩс, иахәҭоу аусшәҟәқәа анеиқәыршәахалак, ҩымчыбжьтәи аҿҳәара иалагӡаны арзаҳалқәа нагахоит ахеилак аҟны иаԥҵоу аилатәара ашҟа, ирыдыркыло аӡбаралагьы аԥсуа ҭаацәара аԥара рзыршәоит арзаҳалқәа реишьҭагылашьала» - ҳәа иазгәеиҭоит Матуа.