ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны зыҧсшьарамшқәа зхызго ҳџьынџьуаа аҭааит Афон Ҿыц ақалақь.

Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны зыҧсшьарамшқәа зхызго ҳџьынџьуаа аҭааит Афон Ҿыц ақалақь. Диузџьетәи аҳәынҭқарратә университет аҟазара афакультет аҧсуа бызшәеи алитературеи рыҟәша аҟны аҵара зҵо астудентцәа, иара убас урҭ рҭаацәа, алшара рыман иџьашьахәу, иблахкыгоу ақалақь аҭоурыхтә ҭыҧ ҧшӡақәа рбара, ҳәарада Афонҿыцтәи аҳаҧы убрахь иналаҵаны. Ҳашьцәа ирбаз-ираҳаз акыр гәахәала ирыдыркылеит, Афон Ҿыц ақалақь акультуратә ҭынха абеиара ихнамхырц залымшеит. Иааиуа амшқәа рзы ҳџьынџьуаа ирзыҧшуп акыр ихызхша аныҟәарақәа.