Иара убас Ҭырқәтәылантәи иааз ҳџьынџьуаа рделегациа ахаҭарнакцәа рыдыркылеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, апрофессор Алеко Гәарамиеи, Аҧснытәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидент Зураб Џьапуеи. Аиҧылараҟны иазгәаҭан Диузџьетәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иаартхаз аҧсуа бызшәеи алитературеи рҵаразы аҟәша даара ишшьаҿа бзиоу ҳхатәы бызшәа аиқәырхаразы, ҳкультуреи ҳҭоурыхи аӡыргаразы, еизҳауа абиҧарақәа рымадаразы. Иазгәаҭан, ҳашьцәа рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь рыхынҳәра ҳҳәынҭқарреи ҳауаажәларреи еснагь ишазыҧшу, ҳаимадара аҳәаақәа есааира ишырҭбаалатәу. Аделегациа алахәцәа рныҟәарақәа ҳәаақәырҵон аиҿкаара-зинхьчаратә усбарҭа аиҳабы Аслан Сангәлиеи, ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадаразы аусбарҭа аиҳабы Инал Хәытабеи.
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара аҭабуп ҳәа рарҳәоит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор Алеко Гәарамиеи, Аҧснытәи аҭҵаарадырратә Академиа Апрезидент Зураб Џьапуеи имҩаҧыргаз аҧхарра зҵаз аиҧыларазы. Ас еиҧш иҟоу адкыларақәа, ҳәарада ҳџьынџьуаа акыр ргәы шьҭнахуеит, рнапы злаку аусқәа рынагӡараҟны агәаҳәара рнаҭоит, ҷыдала аҧсуа бызшәеи алитературеи рҵареи рыхьчареи ахырхарҭала.