ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Ҭырқәтәылантәи Аҧсны иааны иҟоу Диузџьетәи аҳәынҭқарратә университет аҧсуа бызшәеи алитературеи аҟәша астудентцәеи арҵаҩцәеи Аҟәа ақ. Ахьӡ-аҧша апарк аҟны ҳаибашьцәа рҳаҭгәынқәа рҟны ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит

Иахьа, Ҭырқәтәылантәи Аҧсны иааны иҟоу Диузџьетәи аҳәынҭқарратә университет аҧсуа бызшәеи алитературеи аҟәша астудентцәеи арҵаҩцәеи Аҟәа ақ. Ахьӡ-аҧша апарк аҟны ҳаибашьцәа рҳаҭгәынқәа рҟны ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, иара убас, Алада Ешыра Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба иҳаҭгәын иаҭааит. Ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны иҟазаауеит нанҳәамза ҩбанӡа.
Астудентцәа рныҟәарақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны ирбеит В. Арӡынба ихьӡ зху аибашьцәа рмузеи аекспозициақәа, иара убас, Д. Гәлиа ихьӡ зху амузеи аҟны ирбаз-ираҳаз акыр ихнахит, О. Беигәаа ихьӡ зху аҧсуа диаспора рҭоурыхтә музеи аҟны еилыркааз рацәоуп.
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахаҭарнакцәа иҭабуп ҳәа рарҳәоит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьапуа, В.Арӡынба ихьӡ зху аибашьцәа рмузеи аиҳабы Мзиа Беиа, Д. Гәлиа ихьӡ зху амузеи аиҳабы Светлана Қорсаиаҧҳа, О. Беигәаа ихьӡ зху амузеи аиҳабы Дмитри Габалиа, иара убас амузеиқәа русзуцәа.