ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Диузџьетәи аҳәынҭқарратә университет аҟазареи аҭҵаарадыррақәеи рфакульет аҧсуа бызшәеи алитературеи рыәша астудентцәа ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа иаҭааит

Диузџьетәи аҳәынҭқарратә университет аҟазареи аҭҵаарадыррақәеи рфакульет аҧсуа бызшәеи алитературеи рыәша астудентцәа ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа иаҭааит. Аделегациа алахәцәа рныҟәарақәа ирылагӡаны ашәҭқәа шьҭарҵеит амемориалқәа рҟны, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз ҳдиаспора ахаҭарнакцәа ргәаладыршәеит, рҳаҭгәынқәа ирҭааит, иара убас Лаҭатәи атрагедиа иалаӡыз рыхьӡала игылоу абаҟахьы инеит. Анаҩс, ҳџьынџьуаа рзы еиҿкаан С. Дбар ихьӡ зху Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз рыхьӡала иргылоу аҳәынҭқарратә музеи ахь аныҟәарақәа. Урҭ рхыҧхьаӡараҟны иҟан амҳаџьырра аамҭа иазку азал. Астудентцәа архивтә материалқәа маҷымкәа ирбеит - асаламшәҟәқәа, афотосахьақәа, ашәҟәқәа, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Иорданиа еиуаз ҳџьынџьуаа рхатәы маҭәақәа.
Аделегациа алшара рыман ҳажәлар рлахьынҵа ахьырыӡбоз, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аҭоурыхтә хҭысқәа ахьымҩаҧысуа Лыхнашҭа абара. Убри анаҩс, Мгәыӡырхәа ақыҭан ҳџьынџьуаа аетнопрак "Аҧсны" иаҭааит, ирбаз-ираҳаз акыр ихнахит.
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы иҭабуп ҳәа ларҳәоит С. П. Дбар ихьӡ зху Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз аибашьцәа рмузеи аиҳабы Гәгәыца Џьыкырҧҳа, лымкаала иаалырҧшыз адкылареи аҧхарра зцыз аиҧылареи рзы.