ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аҧшьгарала, есышықәса Ҭырқәтәылантәи,Нхыҵ-Кавказынтәи Аҧсныҟа ҧсшьара иаауеит аҧхынтәи аҿар рлагер "Ахьышьҭрахь" иалахәу ҳџьынџьуаа. Алагер раҧхьатәи агәыҧ Аҧсныҟа иааит нанҳәамза 1 азы.

Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аҧшьгарала, есышықәса Ҭырқәтәылантәи, Иорданиантәи, Ливанынтәи, иара убас Нхыҵ-Кавказынтәи Аҧсныҟа ҧсшьара иаауеит аҧхынтәи аҿар рлагер "Ахьышьҭрахь" иалахәу ҳџьынџьуаа. Алагер раҧхьатәи агәыҧ Аҧсныҟа иааит нанҳәамза 1 азы.
Апроект хықәкыс иамоуп аҳәаанырцә инхо ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадара арӷәӷәара, рҭоурыхтә ҧсадгьыл разхьарҧшра, агәыбылра абжьаҵара. Ҳџьынџьуаа ара рыҟазаара иалагӡаны алшара рымоуп Аҧсны аҭоурых, ҳмилаҭтә культура, ҳдоуҳатә беиарақәа рҭынха, аҧсуа жәлар рыбзазара уҳәа ҳҵас-ҳқьабзқәа лабҿаба рбара, рыжәлантәқәеи дареи реиқәшәара, реибадырра. Ҳашьцәа, бзиала шәаабеит шәыҧсадгьыл аҟны! Шәыҧсшьарамшқәа хирла имҩаҧыжәгааит!' Мҩамш!