ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы еиҿнакааз аҧхынтәи аҿар рлагер «Ахьышьҭрахь» алахәцәа, иахьа, Аҟәа ақалақь иаҭааит

Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы еиҿнакааз аҧхынтәи аҿар рлагер «Ахьышьҭрахь» алахәцәа, иахьа, Аҟәа ақалақь Ахьӡ-аҧша апарк аҟны ҳаибашьцәа рҳаҭгәын аҟны ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, иара убас Амшын Еиқәа аҧшаҳәаҟны амҳаџьырқәа рыхьӡала игылоу абаҟа иаҭааит. Анаҩс, Ешыра ақыҭан Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба имемориал аҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит. Анаҩс, агәыҧ алахәцәа аҭааит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи, иара убас аботаникатә баҳча. Ҳџьынџьуаа зҭааз аҭыҧқәа зегьы рыҧшӡара акыр ихнахит.