ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Гәдоуҭа ақалақь аҟны имҩаҧысит 1992-1993 ш.ш. хатәгәаҧхарала Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз, Аҧсадгьыл ахақәиҭреи аиааиреи азаазгаз, уи абара иахьымӡаз ҳаибашьцәа рыхьӡала игылоу абаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵара.

Иахьа, Гәдоуҭа ақалақь аҟны имҩаҧысит 1992-1993 ш.ш. хатәгәаҧхарала Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз, Аҧсадгьыл ахақәиҭреи аиааиреи азаазгаз, уи абара иахьымӡаз ҳаибашьцәа рыхьӡала игылоу абаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵара. Аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара, аусзуцәа, иара убас аҧхынтәи аҿар рлагер «Ахьышьҭрахь».
Иахьатәи амш иацуп ҿыцәаара зқәым агәалашәарақәа, ҳаибашьцәа рфырхаҵара, ргәымшәара, уаҵәтәи амш иадаҳҳәало агәыӷра лашақәа.
Ргәалашәара лаша наӡаӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит. Нагӡара ақәзааит ҳаибашьцәа бџьарла ирыхьчаз Аиааира, Ахақәиҭра, Ахьыҧшымра!