ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Абызшәақәеи арҵаратә инновациақәеи рцентр «Аӡыхь», Нхыҵ- Кавказынтәи Аҧсны зыҧсшьарамшқәа зхызго аҿартә лагер «Ахьышьҭрахь» алахәцәа рзы ахәмарратә методика ахархәарала аҧсуа бызшәазы иаарҭу аурок мҩаҧыргеит

Абызшәақәеи арҵаратә инновациақәеи рцентр «Аӡыхь», Нхыҵ- Кавказынтәи Аҧсны зыҧсшьарамшқәа зхызго аҿартә лагер «Ахьышьҭрахь» алахәцәа рзы ахәмарратә методика ахархәарала аҧсуа бызшәазы иаарҭу аурок мҩаҧыргеит. Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки, ацентр «Аӡыхьи», абар уажәшьҭа шықәсқәак ҵуеит азеиҧш проект аус адырулоижьҭеи, уи хырхарҭас иамоуп иаарласны аҧсуа бызшәа арҵара. Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳџьынџьуаа аҭааит Аҧсны абанк амузеи, уаҟа дара ирбеит аекспозициақәа, анаҩс Аҟәатәи абааш аҟны рныҟәарақәа хдыркәшеит.