Иахьа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба идикылеит Нхыҵ-Кавказынтәи Аҧсны ҧсшьара иаан иҟоу аҿартә лагер "Ахьышьҭрахь" алахәцәа.
Аҧсны Ахада аҿар данрацәажәоз, иазгәеиҭеит:
"Ҳаҭыр зқәу асасцәа, акыр иаҧсоу аҩызцәа, бзиала шәаабеит Аҧсынтәыла. Ҳара даара агәахәа алаҳхуеит аҧсуа жәлар аиааиреи ахьыҧшымреи рзаагаразы зхы иамеигӡаз ҳџьынџьуаа рабиҧара ҿа ара шәахьаҳбо. Иахьа, шәара аҭынч ҧсҭазаара аныҟоу аамҭазы шәааит, аҭоурых иахылҿиааз ҳаиҩызареи ҳаиашьареи арӷәӷәаразы. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит ҳаҭырқәҵарыла аҭоурых шәахьазыҟоу, иҭахаз ргәалашәара ахьшәыцу. Агәра згоит, ас еиҧш иҟоу апроектқәа аҿар рыбжьара аимадара бзиа шыбжьанаҵо. Шәара, Аҧсадгьыл уаҵәтәи аҧеиҧш знапы иану шәоуп, аҵара бзианы ишәҵароуп, шәҵеицәа хьӡырҳәагақәаны шәҟалароуп. Аҧсны имҩаҧысуа шәыҧсшьарамшқәа шәхы-шәгәаҟны илашаӡа ишаанхо агәра згоит".
Аиҧылара иалахәыз Нхыҵ-Кавказтәи ҳашьцәа хәыҷқәа Ахада иааирҧшыз аҧхаррақ зцыз адкыларазы иҭабуп ҳәа иарҳәеит