ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны зыҧсшьарамшқәа зхызго ҳџьынџьуаа Афон Ҿыц иаҭааит

Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны зыҧсшьарамшқәа зхызго ҳџьынџьуаа Афон Ҿыц иаҭааит. Аҿар аҭагылазаашьа рыман ақалақь аҭоурыхтә ҭыҧқәа лабҿаба абара, урҭ рхыҧхьаӡараҟны иҟан Афонҿыцтәи аҳаҧы, иара убас амилаҭтә культуратә ҭынхақәа. Ас еиҧш аинтерес зҵаз аныҟәара, асасцәа даара гәахәарыла ирыдыркылеит.
Ишәгәалаҳаршәоит, Аҧсны зыҧсы зшьо аҿар рлагер «Ахьышьҭрахь» ахԥатәи агәыҧ аилазаара ишалоу 60-ҩык. Ихаҭәаау апрограмма злашьақәгылоу аусмҩаҧгатәқәа, хымҧада аҿар ргәалаҟазаара шьҭнахуеит, ахааназы ирхамшҭуа агәалашәарақәа рзыннажьуеит.
Аҧсны иаҭааз аҧшәмацәа хәыҷқәа, рыҧсадгьыл анапы ҳалалқәа гәыблыла ирыкәнаршеит.