Амш азҵаараҿы иара убас иалацәажәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра абиуџьет 2020-тәи ашықәс, апандемиа аҭагылазаашьа иҭагӡаны имаҷуи абжьаратә наплакқәеи Аҳәынҭқарратә ҳәаақәа ирҭагӡаны адгылара рыҭара. Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаа ртәанчахәы рыҭареи, урыстәылатәи атәынчахәы рыҭаразы иахәҭоу аусқәа реиҿкаара.
Аилатәараан ирылацәажәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра аенергетика аҭагылазаашьеи анаҩс уи аус аиӷьтәреи. Изакәанымкәа акриптовалиута аиура. Аинвестициатә программа анагӡара аус аҿы Аҧсны Аҳәынҭқарра 2020-2022 шықәсқәа рзы асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара. Аҧсны асоциал-економикатә ҿиара иадҳәаланы Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада хазы иҟаиҵаз инапынҵақәа рхархәаразы азҵаарақәа. Ирылацәажәеит иара убас, аекономикатә политика аҧыжәаратә хырхарҭақәа рышьақәыргылараҿы, адгалақәа рархиаразы аусуратә гәыҧқәа реиҿкаара.