Илона Лакрба еиҭалҳәеит аинвестагентраимҩаԥнаго аусура, аҳәынҭқарратә политика аусанагӡаразы атәылахь аҳәаанырцәтәиаинвестициақәа радыԥхьалара аусхкы аҿы аԥхьаҟаишьҭоу аусқәа.
Аиԥылараҟны ирылацәажәеит ахеидкылақәарыбжьара имҩаԥысуа аусеицура, иара убасаҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа зыргәаҭеиуа азҵаарақәарыӡбараҿы еиҳа аусеицура арӷәӷәара.
Вадим Ҳаразиа азыхиазаара ду ааирԥшитаинвестагентреи ҳхеилаки рыбжьара анаҩстәииҭшәоу аусура шацҵахо, Аԥсны аинвестициатәусура анагӡареи, аҭагылазаашьақәа реиӷьтәразыиҟоу апроблемақәа рыӡбараҿы ганрацәалатәиацхыраара шыҟаҵахо.
Аиԥылара анҵәамҭазы актуалтә зҵаарақәа зегьырыла аусеицура ацҵаразы аҩганк еилаӡеит.