Жәабран 9 рзы, Аҧсадгьыл ахь ахынҳәреи Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиеи, Амман ақалақь еиҿкаау Аҧсуа культуратә хеидкыла "Диуан Абаза" аиҳабы Ҳасан Абазеи (Чичба) рыбжьара имҩаҧыргеит авидеоконференциа. Реиҧылара иналагӡаны иалаҵәажәеит COVID -19 аҿкы чымазра иахьа ат,агылазаашьа, иара убасгьы рнапы иацыҩу аиқәшаҳаҭрақәа. Ахеилакқәа агәаҳәара аадырҧшит аепидемиа аҭагылазаашьа ианеиӷьхалак реиҧылара мҩаҧыргарц араҟа Аҧсны.