ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Асҭамыр Багаҭелиа ААУ аҭҵаарадырратә хеилак аилатәара далахәын​

Асҭамыр Багаҭелиа ААУ аҭҵаарадырратә хеилак аилатәара далахәын​
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы Ахантәаҩы Ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Багаҭелиа Чуреи Дыжьын Али лдоктортә диссертациа ахьчара иазкыз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭҵаарадырратә еилатәара далахәын.
Асҭамыр Багаҭелиа аҵарауаҩ ​ "Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа-адыга диаспора ақьабзтәи ашәа-инструменталтәи традициа» атемала қәҿиарала илыхьчаз лдоктортә диссертациа лыдныҳәало, илзеиӷьеишьеит аԥхьаҟагьы аихьӡарақәа, аартра ҿыцқәа.