ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Имҩаҧысит арепатриантцəа асоциалтə материалтə цхыраара рыҭара азҵаара иазкны аколлегиа аилатəара

Имҩаҧысит арепатриантцəа асоциалтə материалтə цхыраара рыҭара азҵаара иазкны аколлегиа аилатəара


Хәажәкыра 4 рзы Аҧсадгьыл ахь ахынҳəразы аҳəынҭқарратə еилакы аҟны имҩаҧысит аколлегиа инарҭбааз аилатəара. Аилак ахантəаҩы Вадим Ҳаразиа дырзааҭгылеит аизара амшхəаҧштə аҟны иарбаз азҵаарақəа. Аколлегиа аилазаара аилак аусзуцəа реиҧш, иалалеит ауаажəларратə усзуцəагьы. Аилатəараҟны ишьақəыргылан “Арепатриантцəа рзы асоциалтə цхыраара ахкқəа” захьӡу апроект. Уи инақəыршəаны, ишьақəыргылоу азакəанҧҵара аҧҟарала Аҧсадгьыл ахь ахынҳəразы аҳəынҭқарратə еилакы азыӡба аднакылоит арепатриантцəа Аҧсадгьыл ахь ахынҳəразы аҳəынҭқарратə ибиуџьеттəым афонд иҟанаҵо афинанстə зоужьра ахархəагақəа рыла асоциалтəи аматериалтəи цхыраара рыҭаразы.