«Акыр иаҧсоу ҳанацәа, ҳандуцәа, ҳаҳәшьцәа!
Гәык-ҧсык ала ишәыдаҳныҳәалоит Жәларбжьаратәи аҳәса рымш ныҳәа – Хәажәкырамза 8!
Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәамч, еснагь агәалаҟара бзиа!
Шәара шәылша акырӡа ирацәоуп ҳаҧсуа хәышҭаара аиқәырхараҟны, ҳҳәынҭқарра иҵәатәышьаҟаны иаҵагыло абиҧара реиҵааӡараҿы!
Шәара иаашәырԥшуа аҟәыӷара, ачҳара, ҳәаа змаӡам агәыразра иабзоураны ахаангьы, ҳажәлар рзы илахьынӡҵаӡбагаз аамҭақәа раан шәарӷьажәҩаны шәрыдгылан шәашьцәа – Аԥсны аҵеицәа!
Аамҭа бзиақәа лԥеиԥшзааит Аԥсадгьыл азы зхи зыхшареи ирмеигӡо аԥсуа иан! Иҟалааит игәеизырҳаганы уаҵәтәи амш!
Ишәыгымзааит ааԥын ныҳәа ссир иацу аԥшӡара, анасыҧ, агәыӷра лаша!
Ҽааныбзиала шәнеиааит!»
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы Ахантәаҩы В. Ҳаразиа