ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Арепатриантцəа ироуа асоциалтə аматериалтə цхыраара​ ахкқəа

Арепатриантцəа ироуа асоциалтə аматериалтə цхыраара​ ахкқəа

Аҧсадгьыл ахь ахынҳəразы аҳəынҭқарратə еилакы, Аҧсны аҳəынҭқарратә анапхгараҭаратә усбарҭа хада аҳасабала, арепатриациа ахырхарҭала аҳəынҭқарратə политика ашьақәыргылареи анагӡареи рфункциа ​ назыгӡо, арепатриантцəа асоциалтə цхыраара рынаҭоит аргылара аус аҿы,​ арепатриантцəа анхарҭа ҭыҧла реиқəыршəараҿы, аҧсуа бызшəа аҵаразы аусмҩаҧгатәқәа рынагӡараҿы, Аҧсны​ Аҳəынҭқарра атəылауаҩра аиураҟни усурҭа ҭыҧла реиқәыршәареи рыҟны.

Ишьақəыргылоу азакəанҧҵара инақəыршəаны, Аҧсадгьыл ахь ахынҳəразы аҳəынҭқарратə еилакы аӡбамҭа аднакылоит арепатриантцəа аматериалтə цхыраара рыҭаразы:

- шықəсык (1 шықәсык) ҿҳəарас иаҭаны анхарҭатə ҭыҧ ақьыра ашəара, аҿҳəара ацҵара азин аҭаны;

- арепатриантцəа рҭаацəеи дареи ргəабзиара ахəышəтəра амедицинатə шəҟəқəа рықәныҟәарала;

- аҭаацəара ралалара инақәыршәаны;

- ахшара данроуа, актəи, аҩбатəи, ахҧатəи уҳəа;

- зфинанстə ҭагылазаашьа уадаҩу арепатриантцəа, рсоциалтə зинқəа рыхьчаразы аҳəынҭқарратə дгылара зҭаху ацхыраара рыҭара,

- аҭаацәа рныҟәгаҩ иҧсҭазаара иалҵра инамаданы ацхыраара аҟаҵара

- аҵара ахəҧса 50% ахшəаара.

Аҧсадгьыл ахь ахынҳəразы аҳəынҭқарратə еилакы ацхырааратə хкқəа зегьы нанагӡоит хəышықəса рыҩнуҵҟа, арепатриант истатус аҿҳəара нҵəаанӡа.