ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Қьефқьен имҩаԥысит агәалашәаратә ҵакы змоу ахҭыс

Хәажәкырамза 10, 2021 шықәса рзы Ҭырқәтәылатәи аҳәынҭқарраҿы имҩаԥысит ҳдиаспора ирыдҳәалоу аҵак ду змоу ахҭыс. Қоџьаели ақалақь Қьефқьен амшын еиқәа аԥшаҳәаҿы еиҭаҳан азеиҭынтә ҵлақәа. Ас еиԥш иҟаз аусмҩаԥгатә еиҿкаан а-19-тәи ашәышықәса азбжазы мчымхарыла зҭоурыхтә ԥсадгьыл иаҟәыгаз ҳџьынџьуаа ргәалашәара аҳаҭыр азы.

155шықәса раԥхьа, амҳаџьырра аамҭазы , Османтәи аимпериа аан, Қьефқьен аԥшаҳәаҿы иӡхыҵит хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа-дыга диаспора. Ари араион иҷыдоу аҭоурыхтә ҵакы амоуп, есышықәса лаҵарамза 21 рзы араҟа имҩаԥысуеит ахырҵәара иақәшәаз ҳџьынџьуаа ргәаларшәара амш.
Ҭырқәтәыла ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатә еиҿкаан раԥхьаӡа акәны. Уи мҩаԥысит Қоџьаели ақалақь аҟны еиҿкаау аԥсуа культуратә центр анапхгарала, иара убас ақалақь аусбарҭа ацхыраарала. Адунеи аҟны иазгәаҭоу аԥкрақәа ирхырҟьаны аусмҩаԥгатә зхы алазырхәыз ауаа рхыԥхьаӡара рацәамызт, иааидкыланы шәҩык инарзынаԥшуан. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан  Сҭампыл еиҿкаау Аԥсуа Федерациа ахантәаҩы Аҭанур Аҟәысба зхадараҿы дыҟаз аделегациа, аԥсуа-ашәуа конгресс арегионалтә ҟәша аиҳабы Аҳмеҭ Хапаҭ, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнакра абжьгаҩ  Џьансыхә Лазба, Аԥсуа Федерациа иалахәу аԥсуа кәльтуратә центрқәа рнапхгаҩцәа, ҳдиаспора рхаҭарнакцәа, иара убас Қоџьаели ақалақь аҟны еиҿкаау аԥсуаа ркультуратә хеидкыла анапхгаҩы   Ҳасан Чичиԥа, Қоџьаели ақалақь аусбарҭа ахаҭарнакцәа. Азеиҭынтә ҵлақәа символра рзыруеит аҭоурыхтә ҷыдарақәа. Аусмҩаԥгатә алагамҭазы ҳдиаспора рыхьӡала иҟаҵан ажәахәқәа. Аԥсуа Федерациа анапхгареи, Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны ахаҭранакра абжьгаҩи иазгәарҭеит ас еиԥш иҟоу ахҭыс аҵак ду шамоу.