Рыцҳарас иҟалаз, усҟан аҧсуа ган ааха ҕəҕəа аиуит, ажəылара лҵшəадахеит. Ашьаарҵəыратə еибашьраҿы Аҧсадгьыл ахьчара рхы ақəырҵеит 222-ҩык аибашьцəа, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит, шəҩык инарзынаҧшуа ахəрақəа роуит. Афырхацəа рыхьӡ ахааназы ҧсра-ӡра ақəым, ргəалашəара лаша ҳацзаауеит, ҳаибашьцəа гəымшəақəа рҿаҧхьа ҳхырхəоит. Ҳаҧсадгьыл Аҧсны ҧшӡа наунагӡа иахашəыршəырлааит ҳаҧсуа бираҟ!