ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Ҭырқəтəыла аҧсуа культуратə хеидкылақəа гəыҧҩык анапхгаҩцəа ҿыцқəа алхын

Ҭырқəтəыла имҩаҧысит  аҧсуа культуратə хеидкылақəа рнапхгара  злахəыз изаамҭанытəиу азеиҧш еизара. Адунеи аҿы аҭыҧ змаз аҿкычымазара иахҟьаны, адернеқьқəа рнапхгара реизара ахган  хəажəкырамзахь.

 Имҩаҧысыз абжьаҭара инақəыршəаны ҿыц иалхын ахеилакқəа гəыҧҩык рхантəаҩцəа.  Иаҳҳəозар: Сҭампылтəи аҧсуаа рхеидкыла ахантəаҩыс иҟаз Шамиль Иашба диҧсахит  Албуз Иаган (Маан),  Инегиольтəи аҧсуаа рхеидкыла ахантəаҩыс иҟаз Ерџьан Кəаӡба диҧсахит  Селиами Џьух,а,  ақалақь Туфанбеили  иҟаз ахантəаҩы Дауҭ  Хапаҭ хантəаҩыс деиҭалхын.

Аҧсуа культуратə хеидкылақəа рнапхгаҩцəа ҿыцқəа рнапы злаку аусқəа рҿы аихьӡарақəеи ақəҿиарақəеи рзеиҕьаҳшьоит.