ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Сами Уанаҿа иҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы

Быжьшықәса раԥхьа Шьамтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара ҳәа иааз ҳџьынџьуаа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Сами Уанаҿа иҭаацәа.   Дара нхоит Гәылрыԥшь араион Дранда аҳаблаҿы арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы  ҷыдала ҳџьынџьуаа рзы еиҭашьақәдыргылаз аҩнаҿы.

Ааигәа, Сами Уанаҿа иԥшәмаԥҳәыси ҩыџьа иԥацәеи иаадыртит  мрагыларатәи  ачысхкқәа ахьыҟарҵо рхатәы наплакы. Урҭ ргьама уамашәа ихаауп, аахәаҩцәа даара иргәаԥханы ирыдыркылоит, иазҵаауагьы рацәаҩуп. Сами иажәақәа рыла, ҭаацәала рнапы злаку аусхк хәыҷы-хәыҷла аҿиарамҩа иануп, аԥхьаҟагьы  гәаҳәарас ирымоуп иҭрыжьуа аалыҵ амҽхак аҽарҭбаарц. Уанаҿаа рҭаацәа  уажәазы рхатәы мчқәа рыла аус руеит аахәаҩцәа ргәалаҟазаара шьҭыхуа.  Ҳарҭ ирзеиӷьаҳшьоит рнапы злаку аусхк аҿы аихьӡарақәа, рыԥсадгьыл аҿы аизҳазыӷьара.

 Араҟа шәахәаԥшрц шәылшоит Уанаҿаа рҭаацәа иҭрыжьуа аалыҵ ахкқәа.