ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иирамшы инамаданы адныҳәалара

Аҧсадгьыл ахь ахынҳəразы Аԥсны аҳəынҭқарратə еилакы ахьӡала, хаҭала сара сҟынтә гəык-ҧсык ала ишəыдысныҳəалоит Шəирамш!
Ҳаҭыр зқəу Аслан Гьаргь-иҧа,
Аҧсны Аҳəынҭқарра аҿиареи ашьақəыргылареи рус аҟны, ҳауаажəлар рымаҵ аураҟны инашəыгӡо аҭакҧхықəра ду зцу атəыла Ахада иус аҟны ишəзеиҕьасшьоит алшарақəа, еицакра зқəым агəамч, аихьӡарақəа. Аҭоурыхтə мзызқəа ирхырҟьаны аҳəаанырцə иагаз ҳауаажəлар рыҧсадгьыл аҿы реидкыларазы Шəареи ҳареи ҳусеицураҟны ишəымоу аҳəынҭқарратə ҧышəа иабзоураны алҵшəа бзиақəа шаиуа агәра згоит.
Ишəзеиҕьасшьоит аҧсуа иқəра нҵыра ду, анасыҧ. Шьардаамҭа!
Аҧсадгьыл ахь ахынҳəразы Аҧсны
аҳəынҭқарратə еилакы ахантəаҩы В. Н. Ҳаразиа