ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура аацҳамҭа

Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭкарратәсанитартә ҳақьым хада мшаԥымза 9, 2021ш. инаркны инапы аҵаиҩит Ақәҵара №12  «Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратәсанитартә ҳақьым хада  инапы зҵаиҩхьазАқәҵараҿы аиҭакрақәа алагалазарц18.03.2020ш.инаркны N 7 « COVID-2019аламырҵәаразы аԥхьакра аус аиқәыршәарахықәкыс иҟаҵаны».

Ақәҵара ацҵаҿы иазгәаҭоуп  УрыстәылатәиАфедерациа атәылауаа рзы аҳәаа ахысразыаиҭакрақәа, Ермантәыла, Белоруссиа, КиргизиаАреспубликақәа рҟынтә иаауа рзы.

Убри анаҩс, адокумент ҿыц излаҳәо ала, Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа рзы аҳәааахысра аиҭакрақәа алагалоуп, асиа иану атәылақәарҟынтә иаауа рзы, уи арбоуп УрыстәылатәиАфедерациа Аиҳабыра Рыдҵа а-2-тәи апункт аҟныхәажәкырамза 16, 2020ш. №635.  Ареестр аҟныиарбоуп 29 тәыла, урҭ рыбжьара АԥсныАҳәынҭқарра азгәаҭаӡам.

Аԥҟара ҿыцқәа Урыстәыла атәылауаа ирзырхаӡам, иарбан аамҭазаалак, насгьы иарбан хырхарҭазаалакаурыс-аԥсуа ҳәаа иахысыр рылшоит.

Аԥсны атәылауаа рзы Урыстәылатәи АфедерациаАиҳабыра Рыдҵа аус шауц иаулоит,   нанҳәамза 1, 2020шнаркны, Урыстәылатәи Афедерациахьаиасразы ԥынгыла ҳәа акагь ҟанаҵом.