Ап,садгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи ахҵәацәа рызҵаарақәа рзы Даттәи Ахеилак арегионалтә еиҳабы Винсент Донтот зхадараҿы дыҟаз аделегациеи еип,ылеит. Агәып, аилазаараҿы иҟан астратегиатә еиҩызаратә еиҿкааҩы Сиузан Џьаҭқар(Арҩыҭаа), иара убас Ада Џьынџьалп,ҳа - аҳәынҭқарратә мчрақәа русбарҭақәа реимадаразы аиҿкааҩ.
Иазгәаҭатәуп, аиҿкаарақәа рыбжьара рап,хьатәи аимадарақәа шыҟаз 2015 шықәса инаркны. Усҟан еиҿкаан азеип,ш проектқәа маҷымкәа, иаҳҳәозар, Даттәи Ахеилак ацхыраарала иап,ҵан арепатриантцәа рзы азеип,ш усуратә гәып,қәа, ачаӡырҭа, ажьирҭа, ахап,ыцҟаҵарҭа, ачыс ахьыҭрыжьуа ацех. Иара убас, арепатриантцәа руадақәа аремонт аҟаҵареи ҩнымаҭәала реиқәыршәареи рҿы ацхыраара ҟарҵон. Даттәи Ахеилак ахаҭарнакцәа иазгәарҭеит апроектқәа рынагӡараҟны арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ап,хьаҟагьы ацхыраара шрырҭо.