ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Ҳџьынџьуаҩ Алԥер Бганба ишәҟәы «Амҩа бзиа, ҳаумырԥхашьан» аӡыргара мҩаԥысит

Мшаԥымза 16 рзы, Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аԥшьгарала, Аҟәа араион иаҵанакуа Ешыратәи аибашьцәа рмузеи аҟны имҩаԥысит Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы инхо, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра фырхаҵарыла ианысыз ҳџьынџьуаҩ, Леон орден занашьоу Алԥер Бганба ишәҟәы «Амҩа бзиа, ҳаумырԥхашьан» аӡыргара.

Ашәҟәы автор аибашьра амшынҵа еиднакыло игәалашәарақәа рзикит Аиааира ҳзаазгарц азы бџьаршьҭыхла еибашьуаз, аха абара иахьымӡаз ҳҵеицәа хьӡырҳәагақәа. Аиԥылара иалахәын аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩцәа, аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа, аибашьра аветеранцәа, ашколхәыҷқәа. Ахәылԥаз дырлахҿыхит аҭыԥҳацәа рвокал-инструменталтә ансамбль «Гәында» , иара убас ҳаԥсуа шәаҳәаҩцәа. Ахәылԥаз аартуа Ешыратәи аибашьцәа рмузеи аиҳабы Марина Тәанԥҳа дазааҭгылеит, ҳџьынџьуаҩ Алԥер Бганба инапы иҵихыз ашәҟәы еиҵагыло абиԥарақәа реиҵааӡараҿы, рҭоурых адырраҿы хәы змаӡам ак шакәу. Ашәҟәы аӡыргара иалахәыз идырбан аибашьра иаҿахәҳәагаз авидеонҵамҭақәа, амҳаџьырра аҭоурыхи аибашьра иазкыз агәалашәаратә хҭысқәеи ирзырхьарԥшын. «Сгәалашәарақәа ирыԥхьараны иҟоу сашьцәеи саҳәшьцәеи рыгәқәа рҟны Аԥсуареи Аԥсынреи рыбзиабаразы кәиц хәыҷык аҟара мцак сзырҿыхар, даараӡа сеигәырӷьоит»,-ҳәа азгәеиҭеит ашәҟәы автор Алԥер Бганба еизаз зегьы ҭабуп ҳәа раҳәауа. Алԥер Бганба аибашьра иадҳәалоу игәалашәарақәа еидызкыло ашәҟәы «Амҩа бзиа, сумырԥхашьан» ҩуп ҭырқәшәала, аԥсшәахь еиҭеигеит ауаажәларратә усзуҩ Октаи ҶкотуаАшәҟәы аӡыргара иалахәыз рахьтә ажәахә ҟазҵаз иазгәарҭеит, Алԥер Бганба еиԥш иҟоу Аԥсны аҵеицәа рылша шырацәоу ҳаԥсадгьыл аизҳазыӷьара аус аҿы. Ҳазҭагылоу аамҭазы Алԥер Бганба аус иуеит Гәылрыԥшь араион анапхгара аҟны, ҳџьынџьуаа ирызку аҟәша еиҳабыс дамоуп.