ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Аԥсылман ныҳәа аҳаҭыразы агәыҳалалратә цхыраара ҟаҵоуп

Аԥсылманцәа иԥшьоу рныҳәа Рамадан аҳаҭыразы, Ҭырқәтәылатәи агәыҳалалратә Фонд «Türkiye Diyanet Vakfı» Аԥсныҟа агәыҳалалратә цхыраара аанашьҭит, уи хықәкыла зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа ирызкуп.

Агәыҳалалратә цхыраара ахәҭак, Аԥсны иҟоу афонд ахаҭарнак, ҳџьынџьуаҩ Аиҳан Цыхчиԥа ила, Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы асоциал-адаптациатә ҟәша иаҭоуп. Уи аҟәша аиҳабы Алиас Нанба иажәақәа рыла, ацхыраара рзырхоуп змазара маҷу, иара убас зхала иҟоу анацәа, динла изҵазкуа иахьымԥшкәа. Ҭырқәтәылатәи агәыҳалалратә фонд изныкымкәа зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа ацхыраара рнаҭахьеит. Убас еиԥш, иҳаҩсыз ашықәс азы, асоциалтә ҟәша аусзуцәа рыбзоурала, Аԥсны араионқәа зегьы рҟны аиԥш зеиԥшу ацхыраара рзыҟаҵан аҭаацәарақәа.

Асоциал-адаптациатә ҟәша аиҳабы Алиас Нанба ҭабуп ҳәа раиҳәоит ас еиԥш иҟоу агәыҳалалратә акциа иалахәу зегьы.