ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Лаҵарамза 21- мчымхарыла ахҵәара иақәшәаз ҳауаажәлар ргәалашәара иамшуп

Лаҵарамза 21рзы 157 шықәса ҵуеит шәышықәса инареиҳаны ицоз Кавказтәи аибашьра еилгеижьҭеи. Аибашьра зықьҩыла ауаа рыԥсҭазаарақәа агеит, ҳхылҵшьҭрақәа рзы акыр иԥышәагахеит. Акыршықәса иҟаз ахҭысқәа ирхырҟьаны, аԥсуа жәлар еиҟәшахар акәхеит зҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы инхази, мчымхарыла инзыжьызи ҳәа.


Иахьа, иҳаюсхьо аамҭеи аԥсуа жәлар ртрагедиатә лахьынҵеи ҳгәаларшәауа, ҳарҭ иҳахәҭоуп ԥхьаҟа аԥшра, шәышықәсала ҳажәлар иаарго акультуреи, адоуҳатә беиарақәеи, ҳаԥсуа ҵасқәеи шьаҭас иҟаҵаны ҳԥеиԥш арӷәӷәара, ҳмилаҭтә хдырра аиқәырхареи ҳҳәынҭқарра аизҳазыӷьареи рзы.
Традициала ишаԥу еиԥш, Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы амҳаџьырқәа рыхьӡала игылоу абаҟа=ы еизоит Аԥсны анапхгара, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, ашкол аҵаҩцәа, астудентцәа, арепатриантцәа, аҭоурыхтә хҭысқәа ирхырҟьаны зыԥсадгьыл иахгаз ҳауаажәлар ргәалашәара аҳаҭыр азы.
Абри амш аҽны, ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рконгресси Аҟәа аԥшаҳәаҿы агәаларшәаратә уснагӡатәқәа еицеиҿыркаауеит.
Асааҭ 12:00 рзы еиҿкаахоит афотоцәыргақәҵа, адунеи аҟны еицырдыруа ҳџьынџьуааи урҭ рхылҵшьҭрақәеи ирызкны. Атеатр абзиабаҩцәа алшара рымоуп Аԥсуа драматә театр аҿы аспектакль «Ацынҵәарах» ахәаԥшра, иалагоит асааҭ 16:00 рзы. Аофициалтә усмҩаԥгатәқәа хацыркхоит асааҭ 20:00 рзы, С. У. Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟынтә ирылагоит афакелтә ныҟәарақәа, иаркхоит аритуалтә цәашьы «Ашьамаҟа».
Ауснагӡатәқәа рхыркәшамҭазы, амшын аҿықә аҟны еиқәҵахоит «Нарҭаа рымца», агәаларшәара иазкны амшын агәы ихҵахоит ашәҭқәа.