ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Аслан Бжьаниа дырҧылеит Уалид Маршьан иҭаацәа

Аҧсны Ахада дырҧылеит Уалид Маршьан иҭаацәа, Шьамтәылатәи Арабтә Республика арратәи ауаажәларратәи усзуҩ,  Шьамтэылатәи Ар аинрал-маиор, аҧсуа диаспора ахаҭарнак. Аҳәынҭқарра Ахада Маршьанаа рҭаацәа рахь днеиаанӡа, аинрал игәалашәара аҳаҭыразы иҳаҭгәын аҿы ашәҭқәа шьҭаиҵеит.

Аҧснытәи аделегациа рҧылеит  Уалид Маршьан иҧшәмаҧҳәыс Жансет  Казанҧҳаи, иара иҧа   Ҳалид  Маршьани. Ҳалид Маршьан асасцәа аҧсшәа раҳәо иазгәеиҭеит, иахьатәи амш дара рзы ишҭоурыхтә хҭысу.

Жансет Казанҧҳа,  Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа  ҭабуп ҳәа иалҳәеит ивизит азы. "Аҟәа ақалақь ҳхылҵшьҭрақәа рыдгьыл аҿы  Уалид Маршьан ибаҟа ахьықәдыргылаз, гәык-ҧсыкалатәи азнеира иадырганы, ҳамҭас ишәаҳҭоит аҳәачаҧа, уи ҳара ҳзы аҵак ду  амоуп. Ҳара иаҳҭахуп ари аҳәачаҧа  Аҟәа иҟазарц",-лҳәеит Жансет Казанҧҳа.

Аиҧылара ахыркәшамҭаз Аҧсны   Ахада Аслан Бжьаниеи Жәлар Реизара аиҳабы   Валери Кәарҷиеи агәаларшәагатә ҳамҭақәа рырҭеит  Уалид   Маршьан иҭаацәа.