ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара аҳаҭыразы Аҟәа амшын аҧшаҳәаҿы имҩаҧысит ауснагӡатәқәа

Есышықәсеиҧш сынтәагьы Аҧсны аҳәынҭқарратә ҩаӡара аҟынӡа инаганы, Аурыс-Кавказ  еибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш азгәарҭоит.

Традициала ишаҧу еиҧш,  Аҟәа амшын аҧшаҳәаҿы ҳхылҵшьҭрақәа рыхьӡала иргылоу абаҟаҿы еизоит атәыла анапхгара, ауаажәларратә усзуцәа рхаҭарнакцәа, астудентцәа, ашкол аҵаҩцәа, арепатриантцәа, атрагедиатә хҭысқәа раан зықьҩыла наунагӡа зыҧсадгьыл иахгаз ҳауаажәлар ргәаладыршәарц.  Ауснагӡатәқәа аҳәаақәа ирҭагӡаны, афакелтә ныҟәарақәа еиҿкаан, иара убас аҽқәа ирықәтәаны аҽцәа амшын аҧшаҳәа иқәсит. Еиқәҵан Нарҭаа рымца, иаркын аритуалтә цәашьқәа, амшын агәы ихҵан ашәҭқәа. Ҳазҭоу ашықәс,  лаҵарамза 21 рзы имҩаҧысыз  агәалашәаратә усқәа еиҿкаан Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә  еилаки Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс абзоурала. 

Иара убас, арепатриацазы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара аџьшьара рынаҭоит иаадырҧшыз ахаҵгыларазы ауаажәларратә еиҿкаара "Авангард", ААУ астудентцәа реилазаара, Аҟәа ақалақь аҿари аспорти русқәа рзы аусбарҭа, аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы, ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аҧсны агвардиа ҿа".