ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Сельда Кəаӡҧҳа. Аҧсназы ацхыраара иацҵоуп.

Аурыс-Кавказ еибашьра иахҟьаны а-19-тəи ашəышықəсазы Кавказ ажəларқəа аӡəырҩы  мчымхарыла рыҧсадгьыл иахган. Урҭ рахьтə аӡəырҩы амҩан рыҧсҭазаара иалҵит, иҟоуп атəым дгьыл аҟны иҧсқəазгьы.

Атəым жəҩан аҵаҟа акыр амыҟəмабарақəа ирықəшəеит, ачымазара бааҧсқəа рыхьит, амлакреи ахьҭакреи рҭагылазаашьа акыр иаруадаҩит, абарҭқəа зегьы ҳџьынџьуаа рзы иҧышəагаз аамҭаны иҟалеит.

Арҭ атрагедиатə хҭысқəа,  Аҧсны аҭоурых адаҟьақəа рҿы зегь реиҳа ахьаа зцу мшқəаны иаанхоит. Ҳауаажəлар  адунеи атəылақəа жəпакы рахь ихырҵəан. Иаҳҳəозар: Иорданиа, Шьамтəыла, Египет, хыҧхьаӡара рацəала Ҭырқəтəыла уҳəа. Ҳџьынџьуаа рхаҭарнакцəа рыҧсадгьыл гəыблыла иадҳəалоуп, аимадара дмырӡит, изларылшо ала ацхыраарагьы ҟарҵоит.

Убас еиҧш, абри анҵамҭаҿы ҳара ишəзеиҭаҳҳəарц ҳҭахуп Швеицариа ииз иааӡаз Сельда Кəаӡҧҳаи, Голландиа ииз лыҧшəма Меҭин Нанбеи рҭоурых.  Сельда, атуризм ахырхарҭала аус луеит. Лаб Џьенгиз ихьӡуп, лан д-Ашəҧҳауп, Ниҳаль лыхьӡуп. Меҭин иаб иакəзар Емир ихьӡуп, иан д-Қаҩҧҳауп, Макбулиа лыхьӡуп. Аҧсуа ҭаацəа нхоит Голландиа, илызҳауеит рыҧҳа Берра.   Берра, онлаин ашкол аҟны аҧсуа бызшəа лҵоит, лани лареи рхатəы бызшəалоуп ишеицəажəо. Ҭырқəтəыла, Сақараиа ақалақь иалҵқəаз иреиуоуп.  Раҧхьаӡа акəны Сельда лҭоурыхтə ҧсадгьыл ахь Аҧсныҟа дааит 1992 шықəса рзы.  2018 шықəса рзы, Сельда лыҧшəмеи лыҧҳаи дрыцны ҩаҧхьа Аҧсныҟа дааит, Аҧсны излатəылауаҩу ала ашəҟəқəагьы роуит.  Сельда лаб дпатриотуп, иҧсадгьыл бзиа ибон, иҧҳагьы иара ишьҭаҵəҟьа алылхит.  Ҭагылазаашьак шааиоулак Аҧсны дызлацхраара дашьҭан.

Ишдыру еиҧш, Аҧсны Аҳəынҭқарра, ауаажəларра акороновирусттə ҿкчымазара Ковид-19 рацəыхьчаразы  ауснагӡатəқəа мҩаҧнагоит.   Аханатə инаркны Голландиа еиҿыркааит  “Ҳарҭ  ҳаӡəыкуп” захьӡу акциа.  Сельда Кəаӡҧҳаи  Меҭин Нанбеи  ари акциа раҧхьа иадгылақəаз иреиуоуп.  Дара еиҿыркааит WhatsApp агəыҧ ацхыраара  аҟаҵара агəазыҳəара змаз рыбжьара, еизыргоз Аҧсныҟа иаарышьҭуан.

Адунеи аҟны ишаҧу еиҧш, Аҧсынтəылагьы иуҧылоит зсоциалтə ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацəарақəа. Ҳдиаспора рхаҭарнакцəа иахəҭаны иазырыҧхьаӡоит арҭ аҭаацəарақəа ацхыраара рыҭара, абиҧара ҿа рыдгылара.  Сельда лабҿаба илбахьеит аҟазара злоу ахəыҷқəа шҳамоу, иагьылҭахуп ацхыраара рыҭара.  Лыҧшəмеи лареи еснагь изларылшо ала агəыҳалалра аадырҧшуеит. Ааҧхьарак аҳасабала аҳəара ҟарҵоит абри ахырхырҭала зегьы аидгылареи ацхыраареи аадырҧшырц. Ирымаз ахықəкы рыуацəеи-рҭынхацəеи, рҩызцəеи рҟынӡа инаргеит. Ҩыџьа милаҭла иаҭырқəцəоу рҩызцəа агəаҳəара аадырҧшит рхықəкы иадгыларц, 50 ҭаацəара ацхыраара рырҭарц. Агəыҳалалратə акциа зҽалазырхəыз зегьы аӡəаӡəала ҭабуп ҳəа рарҳəоит.

Аҧсны адгылара азҭо ауаа рхыҧхьаӡара маҷым. Убас еиҧш, Мариетеи Мадоннеи Џьынџьалҧҳацəа, Аҧсадгьыл ахь ахынҳəразы аҳəынҭқарратə еилакы ахантəаҩы Ҳаразиа В.Н., жəларбжьаратəи аҟəша аиҳабы  Инал Хəытаба, ҳдиаспора ахаҭарнак Кəаӡба Бенгиуль, зегьы даара иҭабуп ҳəа ралҳəарц лҭахуп Сельда.  Ари коллективтə усуран, имариамыз аусқəа рыжəҩахыр иқəырхит. Аҧсуаа ражəаҧҟа иаҳəоит: “Анапеилаҧса ауаҩы дааӡоит, алабеилаҧса ауаҩы дашьуеит”,-ҳəа.  Ахааназы ҳаҧсуара мыӡааит!