ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Аслан Бжьаниа арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы анапы ианиҵеит Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы инхо аҧсуа диаспора рымадара арӷәӷәара.

"Аслан Бжьаниа авизит алҵшәа бзиа атәы дазааҭгылауа иазгәеиҭеит, Аҧсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи аҧхьаҟатәи ганрацәалатәи русеицура феида злоу аныра шанаҭо.

Ахада арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа адҵа ииҭеит Шьамтәыла инхо аҧсуа диаспореи ҳареи ҳаимадара рӷәӷәазарц, зҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь нхара аара агәаҳәара змоу адгылара рырҭарц",-аҳәоит ацҳамҭаҿы.
Иара убас иазгәаҭоуп, Аҧсны Ахада напхгара зиҭоз аделегациа Шьамтәыла рыҟазаара аан ишрылацәажәаз аекономика, абанктә усхк, ақыҭанхамҩа, атуризм, аҵарадырра, акультура ахырхарҭақәа рыла аусеицуразы азҵаарақәа жәпакы.