ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Гәылрыҧшь араион аҟны ҳџьынџьуаа злахәыз аизара мҩаҧысит

Рашәарамза 3 рзы Гәылрыҧшь араион аҟны имҩаҧысит Ҭырқәтәылантәи, Шьамтәылантәи, Иорданиантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҿы инхо ҳџьынџьуаа злахәыз аиҧылара.

Уи рхы аладырхәит Гәылрыҧшь араион администрациа ахада, арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа, ҳџьынџьуаа рыҧсадгьыл ахь рыхынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Асҭамыр Багаҭелиа. Арепатриациа аусқәа рзы Гәылрыҧшь араион ахада иабжьгаҩ, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Ҭырқәтәылантәи зыҧсадгьыл ахь нхара ҳәа ихынҳәыз Алҧер Бганба еиҭеиҳәеит ари араион аҟны арепатриантцәа ирыҧгылоу ауадаҩрақәа ртәы. Аиҧылараҟны ажәахә ҟазҵаз Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа иазгәеиҭеит, Гәылрыҧшь араион аҟны ишынхо 300 ҭаацәара инарзынаҧшуа ҳџьынџьуаа. 

" Араҟа урҭ нхоижьҭеи акыраамҭа шҵуагьы аҽаршьцылара апроцесс ауадаҩрақәа рызцәырнагоит, убри аҟынтә хықәкы хаданы ҳҿаҧхьа иқәгылоуп иахәҭоу аҭагылазаашьақәа рзаҧҵара. Арепатриантцәа ражәақәа рыла уи зегь реиҳа ихадароу зҵаароуп. Ахатәы бызшәа амдырра иахҟьаны ҭаацәарақәак ауаажәларратә ҧсҭазаара иаҟәыҭхоуп ҳҳәарц ҳалшоит. Иахьа абраҟа ҳаизеит ҳапрограмма рыдаҳгаларц, ргәаанагарақәа еилаҳкаарц",-иҳәеит Ҳаразиа. 

Арепатриантцәа ракәзар агәаҳәара аадырҧшит "Гәылрыҧшь араион аҟны аицынхара" атематикала еиуеиҧшым апрограммақәа рхы рыладырхәырц.