ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Имҩаҧысит Вадим Ҳаразиеи 20-ҩык абитуриентцәа рҭаацәеи реиҧылара

Рашәарамза 10, 2021ш.рзы, Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахыбраҿы имҩаҧысит уи ахантәаҩы Вадим Ҳаразиеи 20-ҩык абитуриентцәа рҭаацәеи реиҧылара, қәҿиарала атестқәа азҭаз Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иреиҳау аҵараиурҭақәа рҭаларазы.

Абитуриентцәа рҭаацәа арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара ҭабуп ҳәа рарҳәеит иреиҳау аҩаӡара аҟынӡа инаганы атесттә ҧышәарақәа ахьеиҿыркааз. Аиҧылараҟны, Вадим Ҳаразиа аконструктивтә еиҿцәажәара мҩаҧигеит, иара убас интересс ирымаз азҵаарақәа рҭакқәа ҟаиҵеит. Аҧхьаҟа истудентцәахараны иҟоу аҿар аихьӡарақәа рзеиӷьеишьеит, агәыӷрагьы имоуп рхы бзианы ишаадырҧшуа.
Абитуриентцәа абас еиҧш иҟаз аҧышәарақәа рҭиит: аҧсуа бызшәа, аҭоурых, алгебра, агеографиа, логика, англыз бызшәа. Аҧышәаратә комиссиа аилазаараҿы иҟан Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аусзуцәа, Аҧсны Аҳәынҭқарра аҵареи абызшәатә политикеи рхаҭарнак.
Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аҧсны ахаҭарнакреи, акультуратә центрқәа еидызкыло Аҧсуа Федерациеи астудентцәа зегьы ахылаҧшреи адгылареи рырҭалоит. Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы, Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аҧсны ахаҭарнакреи Аҧсуа Федерациеи рахь ааҧхьара ҟанаҵоит Ҭырқәтәыла иҟоу Аҧсны ахаҭарнакра аофициалтә почтахь асеместр (транскрипт) иалагӡаны рыхәшьарақәа аарышьҭларц, аҵарашықәс зегьы нҵәаанӡа реихьӡарақәа зеиҧшроу аилкааразы.