ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Қоџьаели ақалақь аҿы имҩаҧысит аиҧылара

Ҳазҭоу амза рашәарамзазы, Ҭырқәтәыла, Қоџьаели ақалақь аҿы имҩаҧысит уаҟа еиҿкаау Аҧсуа культуратә центр аиҳабы Ҳасан Қонџьеи, Қоџьаели ақалақь агәбернатор Седдар Иаузи реиҧылара.

Аиҧылараҿы иалацәажәан акультуратә ҩны аргылара азҵаатәы, иара убри аҭыҧ аҟны есышықәса иазгәарҭоит Кавказ аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш, Балбалы амшын аҧшаҳәаҿы. Иара убас, ажәалагала ҟаҵан Қарҭеҧе аҽырҩырҭаҿы агәалашәаратә еиҧхныҩлара еиҿкаазарц лаҵарамза 21рзы. Агәбернатор аҩпроекткгьы адгылара риҭеит, ихаҭыҧуаа ирыдиҵеит аусурақәа шцо ирыцклаҧшларц. Агәбернатор ихаҭыҧуаа Қоџьаели иҟоу Аҧсуа ассоциациа ахада Ҳасан Қонџьеи (Қардиа) дареи еиҧылеит, апроектқәа рынагӡара нап адыркит.  

Балбалы амшын аҧшаҳәаҿы лаҵарамза 21, 2022ш.рзы Акультуратә ҩны аргылареи, Қарҭеҧе аҽырҩырҭаҿы аиҧхныҩлара амҩаҧгареи рзы ацхыраара аарҧшхоит. Шықәсык иалагӡаны, Бабалы амшын аҧшаҳәаҿы ҳара ҳабдуцәа ахьыӡхыҵыз аҭыҧ аҿы иргылахоит амонументалтә Аҧсуа культуратә ҩны. Аҧсуа культуратә центр, арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы апроект анагӡашьа шымҩаҧысло азы адырра анаҭалоит.