ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Иахьа, Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахыбраҿы имҩаԥысит Москва атурнир аҟны аиааира згаз Аԥснытәи апрофессионалтә боксиор Енвер Бзагәеи ажурналистцәеи реиԥылара

Аиԥылара аартуа  арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы Вадим Ҳаразиа еизаз ҭабуп ҳәа раҳәауа, Енвер Бзагәа апрофессионалтә бокс атурнир аҟны иигаз аиааира идиныҳәалеит.

«Аԥсадгьыли  аԥсуа жәлари ҳахьӡ ҭугеит,  даара гәцаракрыла ҳахәаԥшуан имҩаԥысуаз аинадҭлара.  Игоз аԥсуа шәа ашьҭыбжь,  аԥсуа бираҟ, абарҭқәа зегьы доуҳала амч унамҭар алшомызт. Аԥсуа хаҵа игәаӷь ааурԥшит, иулаз абаҩхатәра ӡыругеит. Аԥхьаҟагьы аихьӡара дуқәа  узеиӷьаҳшьоит»,-ҳәа иқәгылара хациркит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы Вадим Ҳаразиа.

 Аиԥыларахь   Енвер Бзагәа ицны инеит иара иазыҟаҵаҩ, Аԥснытәи апрофессионалтә бокс Афедерациа ахада Алик Кардиоглы, иара убас ари аспортхкы  аматериалтә цхыраара азҭо, уи аԥҵара знапы алаку  Даур Квираиа.  Алик Кардиоглы ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Москва аицлабра шымҩаԥысыз, Енвер Бзагәа аринг аҟны актәи араунд ала дшаиааиз, иара убас Аԥсны иазыҟаҵарақәа шымҩаԥысуа атәы.

 «Енвери сареи аханатә  ҳаибадырит аинтернет ахархәарала. 2019 ш. рзы Аԥсны имҩаԥысуаз абокс азы   Жәларбжьаратәи атурнир ихы алаирхәырц аҳәара ҟаиҵеит, ашәҟәы сзиҩит,  сара уи даара гәахәала исыдыскылеит.  Убас еиԥш, раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа дааит, атурнир аҟны аиааира игеит, Аԥсны ачемпион ҳәа ахьӡгьы даԥсахеит»,-иҳәеит Алик Кардиоглы.

 Ажурналистцәа злахәыз апресс-конференциаҟны ҳџьынџьуаҩ Енвер Бзагәа еиҭеиҳәеит иԥсадгьыл аҟны иԥсҭазаара шымҩаԥысуеи иаԥхьаҟатәи игәҭакқәеи ртәы.

«Сара снапы злаку аспорт аусхк аҟны, иара убас зегь рыла адгылареи ацхыраареи сызҭо сыуаажәлар ҭабуп ҳәа расҳәоит.  Аԥсны Аҳәынҭқарра  Ахада Аслан Бжьаниа, ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба,  Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы Вадим Ҳаразиа, аколлектив аилазаара,  аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы Џьамал Гәбаз, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа Федерациа,    зыԥсадгьыл аҿы инхо ҳџьынџьуаа Низам Хапаҭ, Қьамал Кәаӡба уҳәа убас  аӡәырҩы»,-иҳәеит Енвер Бзагәа.

 Даара аԥхарра зцыз аиԥылараҟны еизаз идырбан Москва апрофессионалтә бокс атурнир аҟынтәи Енвер Бзагәеи  аурыс боксиор Виктор Конкини рықәгылара аҟынтәи авидео, уи напеинҟьарыла ирыдыркылеит ахәаԥшцәа.

Аиԥылара ахыркәшамҭазы Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы Ва́дим Ҳаразиа Енвер Бзагәа ҳамҭас ииҭеит аԥсуа ҟама. Аҭакс абоксиор иҳәеит : «Ажәа шәысҭоит ари аҟама анаҩстәи ақәгыларахь санцо ишызго, исшәу саԥсуа маҭәа шханарҭәаауа, даара иҭабуп!».

 Иара убас, Аԥснытәи апрофессионалтә бокс  Афедерациа ахада Алик Кардиоглы, арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы Вадим Ҳаразиеи, Низам Хапаҭи, Қьамал Кәаӡбеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи Афедерациа амедалқәеи ҳамҭас иранеишьеит.

 

 Енвер  Ҭаҳир-иԥа Бзагәа, диит 1995 ш.рзы. Аԥс́ны Еизгоу апрофессионалтә бокс акоманда дахыԥхьаӡалоуп. Дынхоит Аԥсны, ақ. Аҟәа.