ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Иахьа лирамшуп Гәдоуҭа ақалақь Ахьӡ-Аҧша амузеи аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Гугуца Џьыкырҧҳа

Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахьӡала гәык-ҧсык ала лирамшы лыдаҳныҳәалоит Гугуца Шьаликәа-иҧҳа Џьыкырба! 

Аҧсынреи аҧсуа жәлари  рҧеиҧш лаша аиӷьтәра еснагь иазықәҧо, ааҧсара зқәым, зажәеи зуси еимадо, еизҳауа абиҧарақәа аҧсуара рылазааӡо, зҭоурых амырӡра иашьҭо, ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл аҿы рбара згәырӷьароу,  ҳаимадара аҳәаақәа рырҭбаара иашьҭо, ҳаҭыр зқәу, Гәгәыца Шьаликәа иҧҳа, ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәамч, шәнапы злаку шәусқәа зегьы рҿы аихьӡарақәа! Шәгәы ҭызго ахҭысқәа рацәахааит шәыҧсҭазаараҿы! Ҽааныбзиала шәнеиааит!

 

Џьыкырба Гугуца  Шьаликәа-иԥҳа диит 1961ш.рзы Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан.

1978ш.рзы Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ далгеит. 

1984ш.рзы ААУ афилологиатә факультет далгеит. 

1985ш.  – аҭыжьырҭа «Алашара» аредактор.

1987ш. – Гәдоуҭатәи акультура Ахан асахьаркыратә напхгаҩы. 

1998ш.- Гәдоуҭа ақалақь администрациа акультура аҟәша аиҳабы.

2004ш. – Гәдоуҭа ақалақь аҳәынҭқарратә музеи аҳәырԥсарра «Абазгиа» афонд ахьчаҩ хада. 

2016 ш. –  Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ. 

2018ш. – Гәдоуҭатәи Ахьӡ-Аԥша амузеи аиҳабы ихаҭыԥуаҩ.

Дҭаацәароуп, хҩык ахшара дрануп,  драндууп.