ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Ҳџьынџьуаҩ Иаман Агрба Есқьишьеҳир ақалақь амилициа еиҳабыс даҭоуп

Ԥхынгәымза 7рзы, Ҭырқәтәылатәи амилициа аиҳабы  идҵаҟаҵарала 33 қалақь рҟны иԥсахын амилициа аиҳабацәа. Сақариа ақалақь аҿы ииз ҳџьынџьуаҩ Иаман Агрба, Битлис ақалақь аҿы амилициа еиҳабыс дыҟан, уажәы диагоуп Есқьишьеҳир ақалақь ду ахь амилициа еиҳабыс.

Уаанӡа Есқьишьеҳир ақалақь аҿы амилициа еиҳабыс аус иуан Енгин Динч, уажәы иара диагоуп Кони ақалақь ахь амилициа еиҳабыс.   Ҳџьынџьуаҩ Иаман Агрба,  Ҭырқәтәылатәи аиҳабыра ас еиԥш аҵак ду змоу аҳәынҭқарратә маҵзура ахьианаршьаз аԥсуаа зегьы ҳзы даара игәадуроуп, гәык-ԥсык алагьы идаҳныҳәалоит.

Иазгәаҭатәуп, Иаман Агрба иаб, аинрал Селами Агрба,  Ҭырқәтәылатәи Аҳәынҭқарра еиуеиԥшым ақалақьқәа рҿы аамҭа-аамҭала амилициа еиҳабыс аус шиухьаз. Иаман Агрба диит 1969 ш. рзы Сақариа ақалақь аҿы. 1987ш.рзы аполициатә коллеџь   қәҿиарала далгеит,  анаҩс 1991 ш.рзы аполициатә Академиаҿы иҵара аныхиркәша, Анкара, Ҭунџьели, Ақсараи, Анкара ақалақьқәа рҿы еиуеиԥшым амаҵзуратә ҭыԥкәа рҿы аус иуан.  Ԥхынгәымза 18, 2017ш. рзы   Битлис ақалақь аҟны амилициа еиҳабыс ихьӡ ҳәан, дҭаацәароуп ҩыџьа ахшара драбуп.