ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

ҦХЫНГƏЫМЗА 5 ИНАРКНЫ АҦСНЫ-ҚЫРҬТƏЫЛАТƏИ АҲƏЫНҬҚАРРАТƏ ҲƏАА АХЫСРА ЫРМАИРИОУП

Уаанӡа агəаҭарҭа-аушьҭратə пункт аартын Ингəыр аигидрофымцастанциа аусзуцəа рзы, иара убас  иаарласны амедицинатə цхыраара зҭахыз абыргцəеи ачымазцəа хəыҷқəеи рзы. Гал араион анхацəа  ауадаҩрақəа рызцəырҵуан Қарҭ инхо рҭынхацəа рахь ацаразы

, астудентцəеи егьырҭ акатегориақəа ирыҵаркуа атəылауааи аҳəаа зынӡа изахысуамызт. Ас еиҧш иҟаз аҧкрақəа изакəанымкəа аҳəаа ахысра аҭагылазаашьа аруадаҩуан.  

Галтəи ацентртə республикатə хəышəтəырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гамгиа иазгəеиҭеит,  аҳəаа иахысуа рзы иҷыдоу адҵақəа шалагало: авакцинациа азы аилыркаа, мамзаргьы ПЦР-атестқəа рзы алҵшəақəа, ауаҩы ари ачымазара ихигахьазар, антитела имоу имаму узырбо аилыркаа. Ауаҩы аилыркаақəа руак анцəырига, аҳəаа ҧынгылада дахысырц илшоит.  Ачымазцəа аҽгəаҭара мамзаргьы ҽыхəышəтəра ицо аилыркаақəа рымазароуп”,-иҳəеит аҳақьым.

Гамгиа, иара убасгьы иазгəеиҭеит, Аҧсны Аҳəынҭқарра атəылауаҩы аҳəаа иахысыз, Қырҭтəыла хымш еиҳаны иҟоу, даныхынҳəуа Ковид-19 азы ПЦР-атест мап зҳəо аилыркаа имазароуп, 72  сааҭ раҧхьа аҳəаа дахысаанӡа иҽгəаиҭароуп, мамзаргьы авакциназы аилыркаа дирбароуп.