ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

АПОЛИТИКАТӘИ АУААЖӘЛАРРАТӘИ ЕИҾКААРАҚӘА ЖӘПАКЫ, УРҬ РХЫԥХЬАӠАРАҾЫ ИҞОУП АОППОЗИЦИАТӘҚӘАГЬЫ, 2021Ш. ԥХЫНГӘЫМЗА 8 РЗЫ ИРЫДЫРКЫЛЕИТ АԥСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ИШҞА АИҲАБЫРАТӘ МЧРАҚӘЕИ ДАРЕИ АКОНСТРУКТИВТӘ ЕИҾЦӘАЖӘАРА РЫБЖЬАҴАРАЗЫ АЗЕИԥШ ААԥХЬАРА.

Аслан Бжьаниа Ааԥхьара ибжьы ақәиргеит:

"Аҳәынҭқарра Ахада иаҳасабала, атәылауааи ауаажәларратә политикатә еидгыларақәа зегьи рҿаԥхьа азеиԥш ҭакԥхықәра зласыду ала, ааԥхьара гәахәарыла исыдыскылеит.

Жәаҳәарада, аҳәынҭқарра ашьаҭа арӷәӷәара, уи аҿиара, асоциалтә-економикатә политика инаваргыланы, анагӡаратә мчреи ауаажәларратә институтқәеи русеицурала имҩаԥысуа аполитикатә культура ашьақәыргылара ада илҵшәадахоит.

Иарбанзаалак адискуссиақәа раан ари ма ани апроблемақәа рганахьала аҳәоуеиқәшәареиԥш, иара убас еиуеиԥшым апозициақәагьы цәырҵыр алшоит. Ҵакысгьы ирымоу уи ауп ас еиԥш иҟоу адискуссиақәа. Ҷыдала аҵакы роуеит урҭ азеиԥш ҳәынҭқарратә ҟазшьа змоу азҵаарақәа раан, атәыла ашәарҭадареи аҭышәныртәалареи ралыршараан. Ас еиԥш иҟоу апроцесс аҟны ихадароу – ауаажәларреи атәылеи ааидкыланы рҿаԥхьа иҳаду азеиԥш ҭакԥхықәра ауп, ҳаҭыреиқәҵарыла аизыҟазаашьоуп.
Сара изныкымкәа исҳәахьан ихымԥадатәны ишысыԥхьаӡо сагьшазыхио ас еиԥш иҟоу адиалог.

Да́ҽазныкгьы исҳәоит Аԥсны Аҳәынҭқарразы аԥсҭазааратә ҵакы змоу ахырхарҭақәа зегьы ирыдҳәалоу азҵаарақәа рыҟны аусеицура сшадгылаҩу, иҭабуп ҳәагьы шәасҳәоит иҟашәҵаз аԥшьгаразы".

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА