ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Ҳтəылаҿы иҟоу аепидемиологиатə ҭагылазаашьа акыр иахьыуадаҩу инамаданы, Аҧсны агəабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭəба  Аҧсны Ахада иадминистрациа аусбарҭаҟны имҩаҧысыз аилатəараҟны ажəалагала ҟаиҵеит акороновирус аҿагыларазы аҧкрақəа рҕəҕəазарц

- русура ҧкызарц аџьармыкьақəа, азеиҧш крыфарҭатə обиектқəа, афатə адəахьы идəылганы  иара убас аҭыҧ аҟны рызнагара еиҿкааны;

- афитнес-клубқəа, аспорттəи аҵаратə секциақəеи;

- акультура-массатə усмҩаҧгатəқəа аанкылазарц аахыбрақəа рыҩныҵҟеи адəаҿи;

- ауаа  асабрадақəа рҿазарц, изҿазымҵо ахараҧса дыршəазарц;

- аҧсшьаҩцəа ахьрыдыркыло  аобиектқəа зегьы рҿи аҳəааҿи ашоурашəара еиҿкаазарц;

- аиҿкаарақəеи анаплакқəеи 60 шықəса ирҭысхьоу  русзуҩцəа аҩнынтəи аусурахь ииаргарц;

- ауадақəеи уаҩы инапы ахьакысуа ақəыҧшыларақəеи ианаамҭоу ирыцқьалазарц;

- ачарақəеи, агəырҕьаратəи аныҳəатəи усмҩаҧгатəқəеи, аиныхрақəеи, ауаа рацəа злаху егьырҭ аусмҩаҧгатəқəеи иарку ауаажəларратə крыфара-чара ахыбрақəа рҿы  рымҩаҧгара ҟалом.

               Ҧхынгəымза 12 инаркны иаркуп акультуратə усбарҭақəа.