ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Аҧсуа Федерациа аиҳабы Аҭанур Аҟəысба

Адунеи иалаҵəаз ачымазараҿкы Ҭырқəтəыла инхо ҳауаажəлар ирнымҧшырц залымшеит,  уаҟа еиҿкаау аҧсуа хеидкылақəа иазҧхьагəаҭан ирымазаусурақəа ишахəҭаз еиҧш ирзынамыгӡеит.  Аха,  егьа ус акəзаргьы, рнапынҵақəа хылаҧшрада иаанрыжьуам. Абас еиҧш азгəеиҭоит Аҧсуа Федерациа аиҳабы Аҭанур Аҟəысба.

“Ҳапрограммақəа маҷ-маҷ реиҿкаара нап аҳаркит. Ахеидкылақəа ирзымҩаҧымгацыз аконгрессқəа реиҿкаара иалагеит.  Сақариатəи, Енегиольтəи ахеидкылақəа  аконгрессқəа мҩаҧыргеит, Диузџьатəи ахеидкыла иааиуа амчыбжь азы еиҿыркаараны иҟоуп, рнапхгарақəа дырҿыцуеит”,-иҳəеит Аҭанур Аҟəысба.

Иазгəаҭатəуп, пшьымз рнаҩс Аҧсуа Федерациа анапхгара алхрақəа шыҟоу.  Уи азы аҽазыҟаҵаратə усмҩаҧгатəқəа ирыхəаҧшуеит.  Изхьымӡаз аусқəа зегьы аҧхьаҟа даҽа программақəак рыла еиҿкааны ишахəҭоу еиҧш иҳəаақəырҵараны иҟоуп.

“Ачымазара еихсыҕьроуп, иахьатəи аҭагылазаашьа уадаҩуп, ахыхьчара аҭахуп, егьырҭ аамҭақəа ирҿырҧшны ҳахəаҧшуазар,  еиҳа ахақəиҭра ыҟоуп, аха џьара-џьара аҧкрақəа азгəаҭоуп.  Ҭырқəтəылантəи даҽа ҳəынҭқаррак ахь уцозар узықəныҟəаша аҧҟарақəа ыҟоуп, ҳаҧсҭазаара иаҟəыҭханы иҟалароуп ачымазара. Хымҧада, уи ахыҧша аекономикатə ҭагылазаашьа ианымҧшырцгьы залшом, ажəлар рылшареи рымчи иагхеит,  аамҭеи ачҳареи аҭахуп, убарҭ рызегьы ҳархысып ҳəа сгəы иаанагоит ”,-ҳəа азгəеиҭеит Аҭанур Аҟəысба.

Аҧсуа  Федерациа аиҳабы Аҭанур Аҟəысба  излеиҳəаз ала,  Ҭырқəтəыла инхо аҧсуаа рхылҵшьҭрақəа аҳəынҭқарраҿы рыхьӡ-рыҧша ыҟоуп, пату-ҳаҭыр рықəуп, иҳəеит мышқəак раҧхьа Ҭырқəтəыла иреиҳау амаҵзуратə ҭыҧқəа шрырҭаз хҩы-ҧшьҩы ҳџьынџьуаа. Аҧсуа Федерациа анапхгареи  дареи аимадара рыбжьоуп.

“Ҩышықəса раахыс Аҧсуа Федерациа алахəцəеи ҳареи ҳаилатəарақəа ҳзымҩаҧгаӡомызт, онлаин арежим ала ҳаигəныҩуан. Мышқəак раҧхьа ҳнапхгара Енегиоль ақалақь аҟны ҳаиқəшəеит, уаҟа имҩаҧаҳгеит аизара, ауадаҩрақəеи аҧхьаҟатəи аусқəеи ҳрылацəажəеит. Адернеқьқəа ракəзар иҟоу  алхрақəа рҽазыҟарҵоит.  Ажəлар зегьы еизганы ҳаибабартə еиҧш  аҭагылазаашьа ыҟам, аизарақəа адəахьы еиҿаҳкаауеит, аҩныҵҟа амҩаҧгаразы ашəара ыҟоуп”-ҳəа азгəеиҭеит Аҧсуа Федерациа аиҳабы.

Аҭанур Аҟəысба Аҧсныҟа асалам ду ааиҭиуеит, иҳəеит иҧсадгьыли иуаажəлари акыр ишыгəхьааиго, шықəсык ахь знык иадамхаргьы дмаакəа шыҟамлоз, аха адунеи иалаҵəаз ачымазара аимадара аҳəаақəа ишырныҧшыз.  Ҳауаажəлар рахь аҳəара ҟаиҵоит ачымазара ҿкы рҽацəырыхьчарц, иазҧхьагəаҭоу аҧҟарақəа ирықəныҟəарц.