ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Ҧхынгәымза 23 Аҧсны Аҳәынҭқарра Абираҟ Иамшуп

Ари амш аҳаҭыр азы афотоальбом азҳархиоит.

Ҭырқәтәыла  еиҿкаау Аҧсуа культуратә центрқәа  рфедерациа апроект адгылара аҭауа,  Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы шәара шәалархәны афотоальбом аҧҵара аҧшьнагеит.

Аҳәара ҟаҳҵоит  шәахьынхо ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҟны шәҭаацәеи шәареи, мамзаргьы хаҭа-хаҭала, Аԥсуа бираҟ ааигәа шәсахьақәа ҭышәхырц.  

Ажәалагала ҟаҳҵоит афоторамкақәа руак ҳацеиҩышәшарц, ентузиазмла иҭәу, ҳашьха ҳаракқәа инадыркны ҳамшын аҿықә аҟынӡа ҳаԥсуа бираҟ ԥшӡа асахьа ахьаныԥшуа. Шәарҭ ишәылшоит афотосахьақәа арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы  FACEBOOK  адаҟьахь иаашәышьҭырц, мамзаргьы ҳсаит Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees. ашҟа. Асахьа анаашәышьҭуа  иахьҭышәхыз аҭыԥ ашәырбар бзиоуп. Агәаҳәара шәымазар, шәыхьӡқәа асахьаҿы ианышәҵарц шәылшоит. Иаашәышьҭыз афотосахьақәа  Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы асаит аҟны икьыԥхьхоит ԥхынгәымза 23 рзы. ́ 

Нагӡара ақәзааит ҳаԥсуа бираҟ!