ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

2021ш. Кәырбан-Баирам ныҳәа

Мышқәак рнаҩс аҧсылман динхаҵаҩцәа иазгәарҭараны иҟоуп аислам ныҳәа хадақәа ируаку Кәырбан-Баирам. Аҧсынтәыла ари аныҳәа иамоуп ахатәы милаҭтә хьӡы-Кәырбан ныҳәа. Аныҳәа  иреиҳау адоуҳатә беиарақәеи аҟазшьа бзиақәеи ирхаҿроуп,  гәыла-ҧсыла аҧсылман дин азхазҵо рзы.

Ҳазҭоу ашықәс азы Кәырбан-Баирам ныҳәа ақәшәоит ҧхынгәымза 20 рзы (аҩаша) иагьазгәарҭоит ҧхынгәымза 23-нӡа (ахәаша).

Иҧшьоу аҧсылман ныҳәа аҳаҭыр азы, традициала ишаҧу еиҧш,  Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аусзуцәа зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау арепатриантцәа акәац рзыршоит. Уажәаҧхьагьы ас еиҧш агәыҳалалратә ҟазшьа змаз акциа мҩаҧган, аныҳәа ахьӡала ирызшан афатәқәа.

Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи, аколлективтә еилазаареи ҳтәыла иқәынхо аҧсылманцәа зегьы иазгәарҭараны иҟоу аныҳәа лаша Кәырбан-Баирам рыдырныҳәалоит.