ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Владимир Аҩӡба иԥсҭазаара далҵижьҭеи шықәсык ҵит

Иԥсҭазаара далҵижьҭеи шықәсык ҵит аҭоурыхҭҵаарадыррақәа ркандидат,   аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усузуҩ,  адипломат,  Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, Ахьӡ-Аԥша аорден  ахԥатәи аҩаӡара занашьо Владимир Џьамал-иԥа Аҩӡба.

Еуеиԥшым ашықәсқәа рзы Владимир Аҩӡба аус иуан акомсомоли-апартиатәи еиҿкаарақәа рҟны, Аԥснытәи аобком апартиа аҟны апропогандеи аинформациеи рыҟәша напхгара аиҭон, Тҟәарчалтәи апартиа агорком актәи маӡаныҟәгаҩыс дыҟан. Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡо Асовет хынтәны депутатс  далырххьан. 20 шықәса инареиҳаны  Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнакс аус иуан, ианашьоуп иреиҳаӡоу адипломат иҩаӡара.

Владимир Џьамал-иԥа аус ахьиуазаалакгьы имаҵзура ҭакԥхықәрала дазнеиуан, ажәлар пату иқәырҵон. Ахә ашьара уадаҩуп  Ҭырқәтәыла инхо ҳџьыньуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл радыԥхьаларазы имҩаԥигоз аусқәа. Владимир  Аҩӡба Ҭырқәтәыла инхо  аҧсуаа рзы ирызгәакьаӡоу уаҩны дҟалеит, ахәыҷы инаиркны аду иҟынӡа зегь разнеишьа дақәшәон, дуаҩы аамысҭашәан, дхатәран, ихшыҩ ҵарын, илаԥш ҳәаа ахара инаӡон, аҿаԥыц иҿан.

«Ҭырқәтәылаҟа сара сзышьҭыз Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба иоуп. Шықәсык ҳәа сишьҭит, усҟан иара идыруан, саргьы сгәы азҩон шықәсык инацны сшаанхоз.  1960-тәи ашықәсқәа инадыркны ҳџьынџьуааи сареи аимадара ҳабжьоуп, асалам шәҟәқәа еимаҳдон. Ҭырқәтәыла саннеи ашәҟәы ззызыҩуаз ауааи сареи ҳаибабеит, иҟоуп урҭ рахьтә зыԥсҭазаара иалҵхьоугьы, рыжәлақәа зегьы ашәҟәы ианҵаны исымоуп. Аҿар рыԥсадгьыл ахь иаагатәуп, ара аҵара дырҵатәуп, ҳкәльтура рылааӡатәуп, аԥсышәала ихәыцуа иҟаҵатәуп»,-ҳәа азгәеиҭон Владимир Аҩӡба иқәгыларақәа руак аҟны.

Владимир Аҩӡба диит Аҟәа араион Аҩадатәи Ешыра ақыҭан. Иԥсҭазаара далҵит ԥхынгәымза 20, 2020ш.рзы. Игәалашәара лашеи,  иҭынхажәеи, иҭҵаарадырратә усумҭақәеи Аԥсны аҭоурых иаҿахәҳәаганы наӡаӡа иаанхоит.